id
stringlengths
3
5
url
stringlengths
31
327
title
stringlengths
1
51
text
stringlengths
1
24.7k
3243
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A5%D0%B5%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B8%D0%BD%D0%BA%D0%B8%201952
Хельсинки 1952
Ҳелсинки 1952 (1952 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1952) — аԥхынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Олимпиада
3244
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B5%D1%80%D0%BB%D0%B8%D0%BD%201936
Берлин 1936
Берлин 1936 (1936 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1936) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада Берлин
3245
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D1%81%D1%82%D0%B5%D1%80%D0%B4%D0%B0%D0%BC%201928
Амстердам 1928
Амстердам 1928 (1928 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1928) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3246
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%B0%D1%80%D0%B8%D0%B6%201924
Париж 1924
Париз 1924 (1924 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1924) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3247
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%B0%D1%80%D0%B8%D0%B6%201900
Париж 1900
Париз 1900 (1900 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1900) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3248
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BD%D1%82%D0%B2%D0%B5%D1%80%D0%BF%D0%B5%D0%BD%201920
Антверпен 1920
Антверпен 1920 (1920 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1920) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3249
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D1%82%D0%BE%D0%BA%D0%B3%D0%BE%D0%BB%D1%8C%D0%BC%201912
Стокгольм 1912
Стокгольм 1912 (1912 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1912) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3250
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B5%D0%BD%D1%82-%D0%9B%D1%83%D0%B8%D1%81%201904
Сент-Луис 1904
Сент-Луис 1904 (1904 Summer Olympics, Jeux olympiques d'été de 1904) — аԥхынтәи олимпиадатә хәмарра. Олимпиада
3251
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%BE%D0%BB%D1%82-%D0%9B%D0%B5%D0%B8%D0%BA-%D0%A1%D0%B8%D1%82%D0%B8%202002
Солт-Леик-Сити 2002
Солт-Леик-Сити 2002 (2002 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 2002) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа 2002 шықәса
3252
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%B0%D0%B3%D0%B0%D0%BD%D0%BE%201998
Нагано 1998
Нагано 1998 (1998 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1998) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3253
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B8%D0%BB%D0%BB%D0%B5%D1%85%D0%B0%D0%BC%D0%BC%D0%B5%D1%80%201994
Лиллехаммер 1994
Лиллеҳаммер 1994 (1994 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1994) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3254
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D1%8C%D0%B1%D0%B5%D1%80%D0%B2%D0%B8%D0%BB%D0%BB%D1%8C%201992
Альбервилль 1992
Албертвилл 1992 (1992 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1992) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3255
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B0%D0%BB%D0%B3%D0%B0%D1%80%D0%B8%201988
Калгари 1988
Калгари 1988 (1988 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1988) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3256
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D1%80%D0%B0%D0%B5%D0%B2%D0%BE%201984
Сараево 1984
Сараево 1984 (1984 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1984) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3257
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B5%D0%B8%D0%BA-%D0%9F%D0%BB%D0%B5%D1%81%D0%B8%D0%B4%201980
Леик-Плесид 1980
Леик-Плесид 1980 (1980 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1980) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3258
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B5%D0%B8%D0%BA-%D0%9F%D0%BB%D0%B5%D1%81%D0%B8%D0%B4%201932
Леик-Плесид 1932
Леик-Плесид 1932 (1932 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1932) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3259
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BD%D1%81%D0%B1%D1%80%D1%83%D0%BA%201976
Инсбрук 1976
Инсбрук 1976 (1976 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1976) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3260
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BD%D1%81%D0%B1%D1%80%D1%83%D0%BA%201964
Инсбрук 1964
Инсбрук 1964 (, , , ) — аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3261
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D0%BF%D0%BF%D0%BE%D1%80%D0%BE%201972
Саппоро 1972
Саппоро 1972 (1972 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1972) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3262
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D1%80%D0%B5%D0%BD%D0%BE%D0%B1%D0%BB%D1%8C%201968
Гренобль 1968
Гренобле 1968 (1968 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1968) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3263
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%BA%D0%B2%D0%BE-%D0%92%D0%B5%D0%BB%D0%BB%D0%B8%201960
Скво-Велли 1960
Скуо-Уелли 1960 (1960 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1960) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3264
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D1%81%D0%BB%D0%BE%201952
Осло 1952
Осло 1952 (1952 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1952) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3265
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D0%BD%D0%BA%D1%82-%D0%9C%D0%BE%D1%80%D0%B8%D1%86%201948
Санкт-Мориц 1948
Санкт-Мориц 1948 (1948 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1948) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3266
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D0%BD%D0%BA%D1%82-%D0%9C%D0%BE%D1%80%D0%B8%D1%86%201928
Санкт-Мориц 1928
Санкт-Мориц 1928 (1928 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1928) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3267
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D0%B0%D1%80%D0%BC%D0%B8%D1%88-%D0%9F%D0%B0%D1%80%D1%82%D0%B5%D0%BD%D0%BA%D0%B8%D1%80%D1%85%D0%B5%D0%BD%201936
Гармиш-Партенкирхен 1936
Гармиш-Партенкирхен 1936 (1936 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1936) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3268
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D0%B0%D0%BC%D0%BE%D0%BD%D0%B8%201924
Шамони 1924
Шамоникс 1924 (1924 Winter Olympics, Jeux olympiques d'hiver de 1924) - аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа. Аӡынтәи Олимпиадатә хәмаррақәа
3291
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D1%80%D0%B8%D1%82%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D0%B0%D0%B4%D1%83
Британиаду
Британиаду, Британиа Ду (; аофициалтә хьʒы: Британиадуи Аҩадатәи Ирландиеи Еиду ры-Кралра ) — адгьылбжьахатәи аҳәынҭқарра амраҭашәаратәи Европаҿы ауп. Аҳәынҭқарра аформа апарламенттә монархиа ауп. Аҳҭнықалақь – Лондон ауп. Агеографиа Ари атәыла Британиатәи адгьылбжьахақәа рҿы иҟоуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа НАТО атәылақәа
3313
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%8B%D1%81%D1%80%D0%B0%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
Мысра (аҵакырацәара)
Мысра : Мысра (ақыҭа) — ақалақьақыҭа Аԥсны аҟны. Мысра — аҳәынҭқарра африкаҿы.
3314
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%81%D1%8B%D1%80
Мсыр
Мсыр, Египет () Мыср/Miṣr, Маср/Maṣr), аофициалтә хьʒы: Арабтәи Республика Египет ( Џумхурыиаҭ Мыср аль-Арабыиа, Гәымхәриеҭ Маср ель-Арабыиа) — Африка атәыла иауакуп. Азгәаҭақәа Африкатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3319
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%BE%D1%81-%D0%90%D0%BD%D1%9F%D1%8C%D0%B5%D0%BB%D0%B5%D1%81
Лос-Анџьелес
Лос-Анџьелес () — ақалақь Америка Еиду Аштатқәа ахь. Иаланхо . Азгәаҭақәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рықалақьқәа
3325
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%BE%D0%BD%D0%B4%D0%BE%D0%BD
Лондон
Лондан ( (Ландн) –Британиа Ду аҳҭнықалақь ауп. Лондан Британиа адгьылбжьахақәаҟны ақалақь дуӡӡоуп. Амегаполис аҵанакра ауп. Ақалақь аланхо ауп. Лондан Британиа Ду аполитикатә, аекономикатә, акультуратә аԥсҭазааразы аҵакы ду имоуп. Административ-территориалтә ашара Лондан административтә аокругқәа асхема Ахьарԥшқәа Англиа ақалақьқәа Аҳҭнықалақьқәа
3359
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B4%D0%B0%D0%BB%D0%B5%D0%BD%D1%9F%D1%8C%D1%8B%D1%85%D0%B0
Ҵаленџьыха
Ҵаленџьыха () — Қырҭтәыла ақалақь, ахь Агырны-Хыхьтәи Шәаны. Ақалақь иаланхо — . Ахьарԥшқәа Ҵаленџьыха Қырҭтәыла ақалақьқәа Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
3363
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B8%D3%B7%D0%BD%D0%B0%D3%B7%D1%8C
Сиӷнаӷь
Сиӷнаӷь () – ақалақь Кахеҭиахь, Қырҭтәыла. Иаланхо . Азгәаҭақәа Кахеҭи Қырҭтәыла ақалақьқәа
3366
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D1%83%D1%88%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D0%BA%20%D0%BB%D0%B3%D3%99%D0%B0%D2%9F%D1%80%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
Шушаник лгәаҟрақәа
Шушаник лгәaҟрaқәa, игәаҟра () — Иакоб Цуртавели рҿиамҭа (476—483 шш.) Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник игәаҟра“ аԥсышәала идырцәажәахьан. Алиутература Bart D Ehrman, Andrew Jacobs, editors, Christianity in Late Antiquity, 300-450 C.E: A Reader, Oxford University Press US, pages 499-504, ISBN|0-19-515461-4 Donald Rayfield, The Literature of Georgia: A History, Routledge (UK), page 42 ISBN|0-7007-1163-5 Қырҭтәылатәи алитература Қырҭтәылa ақьырсиантә дин
3399
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%90%D0%B8%D1%85%D0%B0%D0%BC%D2%A9%D0%B0
Аԥсны Аихамҩа
Аԥсны Аихамҩа — аҳәынҭқарратә транспорттәи компаниа. Анҵара Аихамҩа аура инаӡоит. Уи аихамҩатә магьыстрал Амшын Еиқәатә агаҽа иаваршәны атәыла зегьы иалсуеит Ԥсоу аангыларҭа аҟнытә Егры аангыларҭа аҟынӡа. Адлер-Аҟәа ахҵәаха 1942 шқәыс иргылеит. Аихамҩа амҩакытә ауп, ҩмҩатә ахҵәахақәа имам. 60тә шықәсқәаӡа зегьы аихамҩахҵәахақәа елеқтрофикациатә ауп. Адәыӷбақәа 2010 ш. рашәара 27-рзы хԥа пассажырдәыӷбақәа амҩахь ауп: Москәа — Аҟәа — Москәа ҩба ҩбеи Адлер — Гагра — Адлер Аԥсны Аихамҩа
3403
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%B0%D0%B3%D3%99%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D1%80%D1%88%D3%99%D0%B0%D0%B3%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%BC%D0%BE%D0%BD%D0%B5%D1%82%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
Аԥсны агәаларшәагатә монетақәа
«Аԥсны иналукааша ауаа» рсериа «1992-1993 шш. рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра» рсериа «Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәа» рсериа «Аԥсны ақалақьқәа» рсериа «Аспорт» рсериа «Аԥсны инвестициатә монетақәа» рсериа Смотри также Аԥсар Аԥсны монетақәа
3406
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%AC%D1%8B%D1%80%D2%9B%D3%99%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0
Ҭырқәтәыла
Ҭырқәтәыла (), аофициалтә хьӡы: Ҭырқәтәылатәи Ареспублика () — Европа мрагылара аган ахь ала иҟоуп. Шәахә. иара убас Аҳәынҭқаррақәа рсиа Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа НАТО атәылақәа
3407
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D3%99%D0%BB%D0%B8%D0%B0%2C%20%D0%94%D1%8B%D1%80%D0%BC%D0%B8%D1%82%20%D0%98%D0%BE%D1%81%D0%B8%D1%84-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа
Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа (; , Уарча ақыҭа, Урыстәылатәи аимпериа — , Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР, СССР) — Аԥсны Жәлар ашәҟәҩҩы, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист. Абиографиа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа диит хәажәкырамза 21, 1874 шықәса рзы Уарча ақыҭан анхаҩ ӷар иҭаацәараҟны. Дшыхәҷыз иҭаацәеи иареи мҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иахыган, аха уи иаб илшеит иҭаацәа рыԥсадгьылахь рыргьежьра. Ԥшьышықәса ракәын дызҭагылаз, 1877 шықәсазы, аурысцәеи аҭырқәцәеи реибашьраан, иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Ҭырқәтәыла, Трабзан агаҿа ианнанагаз. Иаб Урыс уахьынтә иҭаацәа иманы, дыбналаны, 1878 шықәсазы идгьыл гәакьахь ааӡабла дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыз-ҭыц данахыла, «иҩнарҭа адгьыл аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашан, нырцә, ҿыц ихәшҭаара ашьапы икит». Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызеу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәа, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанза Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон. Аҩреи аԥхьареи иҵеит аа-шықәса, жә-шықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач хәыҷы уи ишҟа мчыбжьык ахь ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷ дима, ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа рышҟол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дыла-гылан, иҷкәын убраҟа аҵаразы дрыдыркыларц. Аҵыхәтәан, иаб иааԥсара, иҽазҵәылхра ирыбзоураны, ахԥатәи ашықәс аан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышҟол-апансионат /аинтернат/ даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп». Иара абри, 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа ааҵуаны дычмазаҩхеит, атиф ихьит, ицарагьы аанижьит. Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалт агәырҩа дугьы: 1891 шьщәса ажьырныхәамза мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду. Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырцыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урт Кәыдры армарахьтәи ацшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын. Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵареиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи цшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи». Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы, Екатериновка, рҵаҩыс аус иуеит, 1890-1891 шықәсқәа рзы, аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьоит. 1892 шықәсазы Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩы (иахьатәи-ала — адиректор) К. Маҷавариани иареи иеицхырааны Қарҭ ақалақь аҿы иҭрыжьуеит аурыс графика шьаҭас измоу «Аԥсуа нбан». Абри ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәхоит убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы иеиҿкааз Акомиссиа аусура. Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагара ус напаркра даналага инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала убасҟан, азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы, уарла-шәарла акәзаргьы, иаԥиҵо далагоит ихатә жәеинраалақәагьы. Убарҭ инарываргыланы, убри апериод аан, Д. Гәлиа Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿ уҳәа ҭарџьманс (еиҭагаоыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, ражәа-рышшԥхьыз еиҭеигон, дырзааԥсон. 1904 шықәсазы, Кавказтәи Арҵаратә округ ахылаԥшсҩы иҟнытә, Д. Гәлиа алагарҭатә школқәа рҿы арҵаҩра азин иоуит, официалла, идырреи иԥышәеи ҳасаб рзуны, арҵаҩратә ҵареиурҭа дшалымгацызгьы. Жәлар рышкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа нахыс, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыгтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы. 1912 шықәсазы Д. Гәлиа иԥсҭазаараҿ икалеит иреиҳазоу ахҭыс — Қарҭ ақалақь аҿы ацсышәала иҭыҵуеит ипоезиатә еизга — «Ажәаеинраалақәеи ахьзыртәрақәеи» - Аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ашәҟәы. Уи ацәа иануп: «Аҽы ԥсыр, адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр, ажәа иҭынхоит». Иара убри, 1912 шықәсазы, Д. Гәлиа инеиԥынкыланы диасуеит Аҟәаҟа, аусқәа рхы ахьеиларсу «аҳәынҭқар тәарҭахь». Аракагьы ҩааԥхьа арҵаора ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара аусура еилагзаны: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче акны (1914), нас, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәсанза — Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа педагогтә техникәмхоит, a-20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аинститут ҳәагьы иашьҭан). Абри асеминариаҿ Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәеиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵареиурҭақәа рҿы официалла арцаҩра азин иоуеит (абри атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп Х. С. Бгажәба «Зыхьӡ камшәо» захьзу ишәҟәы аҿы, — Акәа, 1977 ш.). Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — дашьаҭакҩуп 1919 шықәса ԥеруал 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1920). Усҟантәи аамҭақәа апоет игәалаиршәоит абас: «Иакымкәа иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын». Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иеиҿикаауеит адраматә кружок, иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа» аҭыжьра. 1921 шықәсазы, Аԥсны асовет мчра анаиааи, Дырмит Иосиф-иԥа апрель мза инаркны днарыцхьоит Ареспублика анапхгара — Ареволиуциатә Комитет (Аревком) Жәлар рҵара аҟәшахьы, араҟа аԥсуаа рҵара-дырра иазку аҟәша-хәҭа деиҳабуп, арҵага шәҟәқәа реиҭагара, реиқәршәара, аҵара-дырра аус ашьҭыхра дырзаацсоит. Иара абри ашықәс август мза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа данапхгаҩхоит, абраҟагьы инапы иануп аҵара-дырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара рус. Абарҭ инарываргыланы, 1921 шықәсазы еиҿкааҩыс дамоуп ақыҭақәа рҿы жәлар рҿаԥхьа иқәгыло атеатртә гәыԥ, аус шиуц иуеит Аҟәатәи апедагогтә техникам аҿы, еиуеиԥшым ауаажәларратә усура мҩацигоит. 1924-1926 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа акәырс дырзаԥхьоит, убри инацҵаны, излаигәалаиршәо ала, аԥсуаа рҭоурыхгьы. Уахьынтә даныхынҳә, Аԥснытәи аиҳабыра рҿы еиҭагаҩ ҷыдас дҟарҵоит, аԥсышәала аусмҩаԥгара ашьапкра дацхраауеит, 1926-1928 шықәсқәа рзы Аԥсуа педагогтә техникам аҟны аҭоурых риҭоит, аԥсуа алфавит аԥсахразы имҩаԥысуа аусура активла далахәуп. 1927 шықәса ианвар мзазы Д. Гәлиа бжьыҭирала далырхуеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахантәаҩыс (иеиҿкаан академик Н. Марр ибзоураны, ауаажаларрата ԥшьгарала, 1925 шықәсазы). Абраҟа аус иуеит Академиа ацныхәрас 1930 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку анаукатә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа. Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Галиа аинститут анаукатә усзуҩцәа дыруаӡәкыуп, абрака аус иуеит иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәсанӡа днаукатә усзуҩуп, 1938 шықәса инаркны, СССР Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнаргәгәаз ала, днаукатә усзуҩы еиҳабуп. Иара абри аамҭазы, инауката усура инаваргыланы, а-30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа, Д. Галиа рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеицшым аҵареиурҭақәа рҿы, 1938 шықасазы - Аҟәатәи аҳаынҭқаррата педагогтә институт дадоцентуп. 1937 шықәсазы СССР Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум излақәнаҵаз ала, Д. Гәлиа иаҭәашьахоит аетнографиатә наукақәа ркандидатра астепен, Аԥсуа бызшәеи афольклори ирызкыу инаукатә усумҭақәа рзы, адиссертациа имырхьчаӡакәа. 1927 шықәса инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Анагӡаратә Центр Комитет (ЦИК) аилазаара далоуп. 1928 шықәсазы Аԥсны ашәкәҩҩцәа рассоциациа далалоит, 1934 шықәсазы — СССР ашәҟәҩҩцәа реидгыла. 1929 шықәсазы Д. Гәлиа ихырҵоит Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыр хьӡы, 1937 шықәсазы - Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ. Д. Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь ԥшьынтс депутате ҳәа далырххьан: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса декабр мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵоит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далоуп. 1949 шықәсазы Д. Гәлиа ианашьан Ленин иорден. СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа Д. Гәлиа депутатс далырххьан ҩынтә: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара). 1955 шықәсазы Д. Гәлиа далалоит Акоммунисттә партиа. 1957 шықәсазы дықәргылан Ленин ихьз зхыу апремиа аиуразы (агазеҭ «Известиа», ианвар 17, 1957 ш.). Иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы, 1957 шықәсазы апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара». Дырмит Иосиф-иԥа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалахьан ҩынтә, раԥхьа, 28 шықәса данырҭагылаз, 1902 шықәсазы, ԥҳәысс дигоит Џьгьарда ақыҭа инхоз апап Сарпиан (Серапион) Чхеизе иԥҳа - Марина Чхеизе-ԥҳа (лан д-Амҷ-ԥҳан). Агәалашәарақәа изларҳәо ала Марина мыцхәы иԥшӡаз, иеинаалаз аӡә лакәын, ҵареиурҭа далымгацызт, аха аҩреи аԥхьареи лдыруан. Марина Чхеизе-цҳа диит 1885 шықәсазы, лыԥсҭазаара далҵит 1903 шықәсазы, ахшареиура дахыԥсааит. Джуп Џьгьарда ақыҭа, лани лаби рывараҿ. Аҩынтә раан Д. Гәлиа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит 1911 шықәсазы, 37 шықәса данырҭагылаз. Усҟан ԥҳәысс дигоит Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ аҵара зҵоз Елена Андреи-иԥҳа Бжьалаа (1893-1979). Ирхылцыз: Гьаргь Гәлиа (1913-1989) иеицырдыруа шәҟәҩҩхеит; Владимир Гәлиа (1914) анџьныр ҵара далгахьан, дынџьнырын, аҩбатәи адунеитә еибашьра далаӡит; Татиана Гәлиа (1919-1997) — инеицынкылан акыр шықәса аус луан А. М. Горки ихьз зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт адоцентс, Д. Гәлиа инхарҭа-амузеи аиҳабыс. «...Ашәҟәыҩҩы изы, - иҩуан Д. Гәлиа,- даара акыр иаԥсоуп ицхрааша, иҩызахаша аԥҳәыс даниднагала. Сара исылсыршаз жәаџьара ишаны хәҭакгьы сзыҟаҵомызт алитературеи аҟазареи рзы зыцсы ҭыхны изкыз Елена Андреи-иԥҳа лакәмызҭгьы.» 1958 шықәсазы, иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы, ииҩыз иавтобиографиаҿ Д. Гәлиа иҳәоит: «...Иџьашьатәӡам узнысыз амҩа угәы иахәоу иамыхәоу, иахьынӡахәҭоу ажәлар рымаҵ узума ҳәа уаҩ дсазҵаар. Анс-арс ҳәа акәымкәа, иаахҵәаны аҭак ҟасҵоит абас: ааи, сара исылсыршаз маҷысшьом, избанзар, наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еигьны исьшсыршар ҟалон, зегь раԥхьа иҟаҵатәу, зегь реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы. Сара сгәамчи сылшареи сыԥсаҟьон, зны апоезиа шьҭых'уа, зны анаукахь сеихо мацара. Иҟалап, алитература мацара схы азкны аус зур еиҳа еигьызҭгьы. Иҟалап ус акәымзаргьы! Ауаҩытәыҩса ҿыц нап злеикуа аус аҿы инамцхәны агәамч ақәирӡуеит, аиашазы, идыррагьы аҽарҭбаауеит, иазҳауеит. Ари — егьыбзиоуп, иагьуԥышькласуеит. Зны-зынла исԥьфхагахалоз даҽа мзызк ыҟан. Амыцхә «арма-ра» зҽадызхалоз ҩызцәақәак «адунеи зегьтәи ареволиуциа» асахьа иҭырхуаз аҿы Аԥсны цәыкәбарк иаҟарамкәа исдырбо ианалагалакь, аиашами ишәасҳәаша, скалам сымҟәыҵшәаны икашәон. Инықәбаны иԥаша цәыкәбарк азы аџьабаа батәума? Аха аԥсҭазаара иснарбаз уи ауп, иара убри ацәыкәбар азыҳәаҵәҟьа аџьабаабара иацсоуп. Гәыкала аџьабаа базар - уи ацәыкәбар џьаргьы иқәба изцаӡом. Акгьы амыхьӡакәа иаанхоит». Абиблографиа Исахьаркыратә шымҭақәа Ажәаеинраалақәеи ахьзыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса. Арԥызбеи ацҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьзыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса. Ажәаеинраалақәеи, ахьзыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса. Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса. Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы. «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса. Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса. Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса. Иоымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа. Ипоезиатә еитагамтақәа А. Ҵереҭели. Абаӡӡеи. Апоема. Ахы иақәиҭны ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1923 шықәса (хаз шәкәны аҩбатәи аҭыжьымҭа - Аҟәа, 1936 шықәса). Ш. Русҭавели. Афоризмқәа. Ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1937 шықәса. Т. Шевченко. Иалкаау иажәеинраалақәа. Аҟәа, 1939 шықәса (аизга иагәылоу ажәеинраалақәа рахьтә быжьба Д. Гәлиа иеиҭеигеит. Иара иоуп ашәкәы ацхьажәа зҩызгьы. (ҩбатәи аҭыжьра - Аҟәа, 1947 шықәса). Игор ир ирыхҳәаау ажәа. Ажәытә аурыс бызшәахьтә иеиҭаргеит Д.Гәлиа, М.Гочуа. Аҟәа, 1940 шықәса. Ш. Русҭавели. Абжьас-цәа зшәу. Апоема. Ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1941 шықәса. И. Крылов. Ажәамаанақәа. Аҟәа, 1944 шықәса (аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д. Гәлиа иеиҭагамҭоуп ажәамаанақәа жәба). Н. Бараҭашьвили. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса (аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д.Гәлиа иеиҭагамҭоуп х-жәеинраалак). А. С. Пушкин. Аҟәа, 1949 шықәса (Аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д.Гәлиа иеиҭеигеит жәаф жәеинраала). Аԥсшәахь иеиҭагоу адинхацаратә шәҟәқәа рахьтә Иҳақәиҭу Иисус Христос Иевангелие Цқьа. Матфеии, Марки, Лукаи, Иоаннии ирыкнытәу. Карт, 1912 шықәса (Арака Д. Гәлиа аиҭагаоцәа хадацәа дреиуан, акорреҟтура зкыз-гьы иара иакәын, ҽакала иуҳәозар аҭыжьымҭа атекст даредакторын. Дырмит Иосиф-иԥа уаанӡагьы дрылахән акымкәа-иҩбамкәа ауахәама шәҟкәқәа реиҭагара ус, иҟоуп ихала иеиҭеигақәазгьы). Аҭорых иазку аусумҭақәа рахьтә История Абхазии. Том первый. Тифлис, 1925 г. Алитература, абызшәаҭҵаара, ажәарқәа Материалы по абхазской грамматике /Дополнения и разъяснения к книге П.К.Услар «Абхазский язык». Аҟәа - Сухум, 1927 г. Алитературеи абызшәаҵареи ртерминологиа. Аҟәа, 1930 шықәса. Иааркьаҿны аԥсшәа аорфографиа. Аҟәа, 1935 шықәса Аурысшәахьтә аԥсшәахь иеиҭагоу Жәлар /азеицш/ политикатә-терминологиатә жәар. Аҟәа, 1935 шықәса Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рахьтә Абхазские пословицы, загадки и скороговорки (на абхазском и русском языках). Тифлис, 1907 г. Аԥсуа жәацкақәеи, ажәа рццактәқәеи, ацуфарақәеи. Ҩынтә ҭыжьра еиҳа ихарҭәааны. Аҟәа, 1921 шықәса. Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, ажәарццактәқәеи, аомонимқәеи, аомографқәеи, жәлар амшцәгьа еилыргашьас ирымоуи, амц хаҵарақәеи, аҭәҳәақәеи Реизга. Аҟәа, 1939 шықәса Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәдыршәеит Д. Гәлиа, Х. С. Бгажәба (ашәкәы иамоуп Д. Гәлиа иацхьажәа). Аҟәа, 1941 шықәса; аҩбатәи, ихарҭәаау аҭыжьра - 1972 шықәса. Арцага шәҟәқәа Арҭ, инеиԥынкылан акыр жәашықәса иҭыҵуаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа рҿы, инарҭбаан аҭыԥ рымоуп Д. Гәлиа еиҳа ихарҭәаау итомқәа рҿгьы иуԥымло, абарҭ ирылазны икоу иоригиналтә реиамҭақәа - иажәеинраалақәа, иеиҭагамҭақәа, акыр зҵазкуа ажәа кьаҿқәа, ажәа хьыршәыгәқәа. К. Мачавариани, Д. Гулия. Абхазская азбука. Молитвы, X заповедей и присяжный лист. Тифлис, 1892 г. Аԥсуа шәҟәы. Аԥсуа школқәа рзы. Аҩбатәи аҭыжьра. Қарҭ-Тифлис, 1911 ш. Иара убас асовет аамҭазы иҭыҵуаз Д. Гәлиа иеиқәиршәаз, иаԥиҵаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа: «Аԥсуа бызшәа. Аҩбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ахәбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ажәбатәи ажәабатәи аклассқәа рзы. Аҟәа, 1939 шықәса», «Аԥсуа бызшәа. Аԥшьбатәи акласс азы» уҳәа иҵегьгьы. Раԥхьазатәи Аԥсуа календар Раԥхьаза аԥсышәала иҭыҵыз Аԥсуа Календар. Стиль ҿыцла. Аҟәа, 1920 шықәса Аҭаацәара Аешьа — Гәлиа, Иуан Иасыф-иԥа Аиаҳәшьа — Гәлиа, Екатерина Иасыф-иԥха Аԥа — Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа — иналукааша аԥсуа советтә шәҟәыҩҩы. Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Гьаргь-иԥа — аҵарауаҩы. Исахьаркиратә ҩымҭақәа Ажәаеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса. Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Алитература Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901. Советская энциклопедия, «Асоветтә Енциклопедиа Ду» (), 3-тәы аҭыжьра, 30-тәи атом. Москва, 1974. Ахьарԥшқәа Азхьарԥшқәа Гулиа Дмитрий Иосифович Гәлиа Дырмит Иосиф-иԥа Гулия Дмитрий Иосифович — hrono.ru асаит аҟны АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АБДУ, АԤСУА ҬҴААРАДЫРРА АХАЦЫРКҨЫ Дырмит Гәлиа — abaza.org асаит аҟны Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа игәаларшәара иазкыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит Москва — abaza.org асаит аҟны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа игәалашәара иазку ацәыргақәҵа Аҟәа иаатит — abaza.org асаит аҟны (Аԥхьара) Дырмит Гәлиа. Сыпсадгьыл. Дапхьоит Гәдиса Тодуа — Абаза-ТВ. Аԥсны агәаларшәагатә монетақәа — Дырмит Гәлиа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа Аԥсны алингвистцәа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа Аԥсны аполитикцәа Гәлиаа 1874 шықәсазы ииз 1960 шықәсазы иԥсыз
3417
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%90%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D2%9B%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0%20%D0%B0%D0%B1%D0%B8%D1%80%D0%B0%D2%9F
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ
Аԥсны аҳәынҭқарратә абираҟ — Аԥсны Аҳәынҭқарра бираҟоуп. Абираҟ автор — Валери Гамгиа. Апропорциа — 1:2 Атоурых Аԥсуа бираҟқәа еиҳа ижәытәӡоу рсахьақәа рнуп Кәыдры аха ҿы Гәараԥ ашьха ишьҭоу далаа ркульттә хаҳә аҿы. Ишәдыру еиԥш, анапы акульт ажәытәтәи ажәларқәа аӡәырҩы рыҩныҵҟа ахархәара аман... Аԥсны, ари зыӡбахә ҳәоу Гәараԥ ашьхаҿы ишьҭоу акульттә хаҳә аҿы ада-гьы асахьа ануп Афон ҿыц иҟоу аҳаԥы Агца аҟны. Аҵарауаа изларҳәо ала, абираҟ ахьыӡ 8-9-10-11 ашәышықәсқәа раан Аԥсуа ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атопонимқәа рҿы иуԥылоит, иаҳҳәап, “Анаԥа” ахьыӡ аҟны... Абаза бызшәаҿы иҟоуп абираҟ ахьыӡқәа ҩба – “абираҟ” иара убас “анапы”. 13 ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны амшын аԥшаҳәа лассы рхы иадырхәо иалагеит ақ. Генуиа аҟнытә италиатәи ахәҳахәҭцәа: идыргылоит ахәаахәҭратә факториақәа, абаашқәа. Танаиси (Азови) Севастополиси (Аҟәеи) рыбжьара генуеаа зынӡа иаԥырҵеит 39 колониеи, факториеи, ҳаблеи. Аҟәа аҭыԥан иаԥҵан аҩыратә хыҵхырҭақәа рыҟны еиуеиԥшымкәа зыхьӡ аагоу афакториа: Себастополис, Санастополи, Сканосколполи, Сант-Себастиан, Севаст. Ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ари аамҭазы 2000-2500–ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ара иҟан атәыҭиирҭа џьармыкьа, акафедралтә католикатә ныхабаа, аконсул итәарҭа, абанкқәа рхаҭарнакцәа, аҳаза алхҩцәа уҳәа уб. егь. Ақалақь иахаргылоу зегь раасҭа изаатәу абираҟ асахьа арбоуп аиталиауаҩ Пиотр Висконти ихсаалаҿы 1320 ш. (шәахә. алада). Абри ашықәсан ари абираҟ асахьа аҩызаҵәҟьа ҭихуеит аҭоурыхҭҵааҩ, асенатор Санудо... 1320 шықәса инаркны 1327 шықәсанӡа шьҭа аџьар ҟаԥшьи уи аганқәа рҿы агьежь хәыҷқәа ԥшьбеи зныз аш шкәакәа Аҟәа иахашәыршәыруан. 1385 шықәсазы Аҟәа иахагылаз анапы асахьа зныз абираҟ ҭихуеит Гвильельма Солери. Анапы абираҟ ахәы ашҟа ихоуп. Инеиҭак-ааиҭакуа Аҟәа иахагылаз абираҟ анапы асахьа анҵара, аԥсуаа иааиԥмырҟьаӡакәа ақәылаҩцәа ирҿагыланы имҩаԥыргоз ақәԥареи аиааирақәа ргареи иазҳәазар ҟалоит. Абжьарашәышықәсатәи абираҟқәа Аҟәа – Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықә аҟны акырӡа зҵазкуа хәаахәҭратә баӷәазаны, иара убас генуеаа колонизациа ззыруаз амшын аԥшаҳәаҿы хадара зуаз ҭыԥны иҟалоит. Ақалақь 14-15–тәи ашәышықәсақәа раантәи ахсаалақәа рыҟны, иаҳҳәап, абжьарашәышықәсазтәи амшынтә хсаалақәеи, иара убас амшынҿықәқәа рыхҳәаанҵақәа (алоциа ҳәа изышьҭоу) жәпакы рыҟны иарбоуп. Урҭ реиҳарак рҿы иаарԥшуп аԥшшәы змоу усҟантәи ақалақьқәеи аҳәынҭқаррақәеи рбираҟқәа. Убарҭ ақалақьқәа ирылоуп Аҟәагьы. Уи иеиуеиԥшым аамҭакәа раан еиуеиԥшым абираҟқәа ахашәыршәыруан. Аҟәа иахагылаз италиатәи (генуеатәи) абираҟқәа руакы иамаз аԥшшәқәа ҵакык -ҵакык рыман. 1428 шықәсазы Аҟәа еиҭа иахашәыршәыруеит иаарту анапсыргәгыҵа зну абираҟ. Ари абираҟ ар- боуп алаҭин хсаалаҿы, “58 ҳәынҭқарра рбираҟ” ҳәа хьӡысгьы иамоуп. Иара еиқәзыршәазз Жохас де Виллдестес иоуп. 1428 шықәсазы абри аҩызаҵәҟьа абираҟ асахьа ирхиоит Иакуб Бертран. 1439 шықәсазы ицәырҵуеит Габриел де Валсеква иеиқәиршәаз ахсаала, уи аҿы Себастополис еиҭа иахаргылоуп генуеатәи абираҟ. Ари иаҳәоит, генуеаа рымчхара шыӷәӷәахаз атәы, хара имгакәа урҭ рылшарақәа ԥызкуаз аԥсуа ҳәынҭқар имчхара шеиҭашьақәыргылазгьы. Кавказ рнапаҿы аагаразы ақәԥара мҩаԥысуан мчы змаз ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара – Ҭырқәтәылеи Ирани. Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны ир- шеит рымчхара аҳра ахьауаз, рнапаҵаҟа иҟалоз аҭыԥқәа. Убас Ҭырқәтәыла анапаҵаҟа иҟалеит Мраҭашәаратәи Кавказ зегьы, Аԥсынгьы убрахь иналаҵаны. Абри инаркны Аԥсны Ҭырқәтәыла иампыҵанархаларц иалагоит (уи аҵыхәанӡа анагара шзалымшазгьы). 1571 шықәсазы Аҟәа ицәырҵуеит амзаҿа зну аҭырқәа бираҟ ҟаԥшь. 1578 шықәсазы Севастополис аҭықәа ир иртәеит. Уи атәы рҳәоит ақалақь аҩныҵҟа адамра хаҳәқәа ирну аҩырақәа. 20-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа поет, Ҭырқәтәылатәи аҵарауаҩ Омар Беигәа иԥшаауеит Стамбултәи архив Топканы аҟны ажәытә сахҭан хсаалақәа рыхҳәаа – аҭырқәа хсаалаҩҩы Ҳаџьы Абуласан (мамзаргьы Ҳаџьы Ебульхассан) ихсаалақәа. Иара абри ашықәсан 1578 шықәсазы ақалақь иаха- иргылоит амзаҿақәа хԥа рсахьа зну абираҟ еиқәаҵәа. Ақалақь хьӡыс иарҭеит Сухум-кале. XIX шәышықәса Урыстәылатәи аимпериа анхыбгала анаҩс Аԥсны Аԥсны зҽеидызкылаз Кавказ ашьхаруаа жәларқәа Реидгылеи Алада-Мрагыларатәи Аидгылеи иалалеит. 1918 шықәса лаҵара мза 11 рзы Баҭым имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аҭынчратә конференциаҿы иаԥҵан “Ашьхаруаа рреспублика”. Даӷьысҭани, Ачечен-Игәуштәи, Ауаԥстәыла, Аҟабарда тәыла, Аҟарач-балкартә тәылақәа реиԥш ари афедерациа иалалеит Аԥсынгьы. Абасала, еиҭашьақәыргылан 1864 шықәсазы ихырбгалаз Аԥсуа ҳәынҭқарра. Ашьацԥшәи ашкәакәеи еиҭныԥсахло инашьҭу быжь-цәаҳәак (ашьацԥшшәы змоу ԥшьба, ашкәакәақәа хԥа) Кавказ ажәларқәа рыхдырраҿы аԥсылманреи (ашьацԥшшәы) ақьырсианреи (ашкәакәа) реи- нырнаалара, реиҿамгылара иадыргоуп. Аԥсны, ижәытәӡоу қьырсиан тәылак аҳасабала егьырҭ аҩ-тәылак (Ауаԥстәылеи Ҟабардеи) надкыла- ны Ашьхаруаа Рреспублика абираҟ аҿы цәаҳәа шкәакәала иарбан. Ашьхаруаа Рреспублика Ҭырқәтәыла иазханаҵеит, уи шықәсык ауп нҵырас иаиуз. Зураб Шервашиӡе аҳра аниуаз аԥсуаа изныкымкәа аҭырқәцәа Аҟәа иалырцарц иалагахьан, аха аҵыхәтәан, урҭ ара еиҭа аҽышьақәырӷәӷәара рылшеит. Аҭырқәцәа Зураб днықәганы 18 –тәи ашәышықәсазы 80-тәи ашықәсқәа раан амчраҿы инеиз Қьелешьбеи Чачба иаҳра азхарҵеит. Қәҿиарала имҩаԥигаз аибашьра ашьҭахь аҭырқәа ир ржәыларақәа аанкыланы, Қьелешьбеи Аԥсны аҳәаақәа еиҭашьақәиргылеит. Уи ицирхыраауан бџьарла, аҳәала, кьарахәла ибзианы иеибыҭаз абжьаратә аамсҭцәеи анхацәа “цқьақәеи”. Еснагь аибашьра иазыҟаҵаз ар рхыԥхьаӡара наӡон 500-ҩык рҟынӡа. Аибашьразы ашәарҭа аныҟаз Қьелешьбеи аамҭа кьаҿк ала илшон бџьарла еиқәных 25 нызықьҩык ар рыргылара. Уи иман артиллериеи, аҽуааи, иӷәӷәаз амшын ари (аӡсҭар). 600- ҩык рыҟнынӡа аҳәынҭқар ишхәар (галер) иааԥмырҟьаӡакәа Баҭым инаркны Анаԥанӡа Амшынеиқәа аԥшаҳәа рыхьчон, насгьы ԥуҭи Баҭыми рбаашқәа хылаԥшҩыс иахагылаз иара иашьеиԥацәа, Чачаа ракәын. Қьелешьбеи ихаан, иара иԥеиҳаб Асланбеи ианиасакьаҳәамҭаз Аԥсни Аҟәеи ирхагылан абри абираҟ. Аԥсны Османтәи Ҭырқәтәылеи Аурыс ҳәынҭқари рполитикатә интересқәа ирыҵаркит. Иалагеит аурыс-аҭырқәа еибашьра, аурыс-кавказтә еибашьра, уи иахҟьаны ажәлар арыцҳара инҭагылеит. Иҟалеит амҳаџьырра. Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мызкы анааҵ, 1864 шықәса рашәарамзазы аҳра зуаз аурыс имчра Аԥсуа аҳра хнарбгалан, иқәнаргылеит “аамҭалатәи жәлар-русбарҭа”. Абри инаркны Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи арратә ҟәша ҳәа ахьыӡ ԥсахын. 1866 шықәса ԥхынгәы 26 рзы Лыхны ақыҭа имҩаԥысуаз быжь-нызықьҩык злахәыз жәлар реизараҿы аԥсуа жәлар ықәгылеит аурыс иколониалтә политика иаҿагыланы. Уи иамҽханакит Калдахәара ақыҭа инаркны Ҵабал, Дал, Аҟәа. 20 нызықьҩык рҟынӡа абџьар кны игылт. Ахыҵхырҭақәа рыҟны ишарбо ала, ажәлар реизараҿы ицәырган абираҟқәа. Убас, Аҟәа Баалоу ашьхаҿы абџьар шьҭыхны иқәгылаз рахь иааргеит “аамысҭа” бираҟқәеи “анхацәа” рбираҟқәеи ҳәа изышьҭаз. Анхацәа рбираҟ икын Гәмаа ақыҭантәи Џьыгра Аҩӡба. Изларҳәо ала, ари абираҟ ҟаԥшьын, аҳәа асахьа қәҵаны ианын. XIX шәышықәса 1921 шықәса хәажәкыра мза анҵәамҭазы Никәала Ақырҭаа напхгара зиҭоз аԥсуа отриад 9-тәи Ар Ҟаԥшьаа рыцхыраара- ла абџьар шьҭыхны ԥсоу ахықәан Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра рыр иаҿагылеит. Аԥхьа игылан “Кьаразаа”... Хәажәкыра 4 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Анаҩс Очамчыреи Гали – Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Асовет мчра шьақәыргылан. Баҭым имҩаԥысит Кавказбиуро Ацентртә Комитет аҭакзыԥхықәу аусзуҩцәа злахәыз аизара – аилацәажәара. Ара Аԥсны аиҳабыра “ихьыԥшым ареспублика” Аԥснытәи ССР аԥҵаразы иҟарҵаз ажәалагала рыдыркылеит. Хәажәкыра 31 рзы Аԥсны Аревком Ленини егьырҭ асоветтә республикақәа зеги адырра рырҭеит Аԥсны советтә республиканы ишрылаҳәаз атәы. 1922 шықәса жәабран мзазы имҩаԥысит Аԥсны Асоветқәа I Реизара ду. Ара ишьақәырӷәӷәан Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара “ҷыдалатәи аидгыларатә еиқәшаҳаҭра”. Қырҭәыла Аԥсны иақәыӷәӷәо ишалагазгьы ари аиқәшаҳаҭраҿы аҩ- республикак рзинеиҟарара арбахеит. 1922 шықәса ԥхынҷкәын мзазы Аԥснытәи ССР ахаҭарнак инапы аниҵеит ССР Аидгыла ашьақәгыларазы Аиқәшаҳаҭра. 1924-25 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан Аԥснытәи ССР Агерби Афлаги. Асоветтәи период 1931 шықәса жәабран мзазы Сталини Бериеи, Орџьоникиӡеи уҳәа “ирыбзоураны” Аԥсны Асоветтә Қырҭтәыла иалаҵан автономиак аҳасабала. Ари аԥсуа ҳәынҭқарра анаԥыххаз аамҭазоуп, абызшәа ахархәара азин ыҟамызт, активла аԥсуа жәлар ассимилиациа рзура апроцесс мҩаԥысуан (Аԥсныҟа Қырҭтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә ақырҭқәа ааганы Аԥсны индырхон), иԥсахын атопонимика.., аԥсуа жәлар даҽа џьарантә иааз жәларуп ҳәа рылаҳәаны рыԥсадгьыл аҿы изинданы иҟаҵан. Аԥснытәи аобкоми Қырҭтәыла ацентртә комитети рхыбрақәа рҿы Аԥсны икнаҳан амаганеи ажьаҳәеи, “ижәҩанԥшшәу ацәаҳәа зылдаз амра” асахьеи зныз абираҟ ҟаԥшь. Ашьҭахь урҭ рыҵаҟа “Аԥсны АССР” ҳәа ианҵан. ХХ –тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭази 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭази Аԥсны амилаҭтә – хақәиҭратә ҵысра аан иазгәаҭоуп (Аԥсны аҳәынҭқарратә статус архынҳәра иасимволхаз) анапы асахьа зну абираҟ ҟаԥшь еиҭа ашьақәгылара. 1922 шықәса ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит асимволика ҿыци Аԥсны Ареспублика ҳәа ахьыӡи. Абираҟ авторс дамоуп Валера Гамгиа. Абираҟ: аурыла ианҵоуп ҭбаарыла еиҟароу ашьацԥшшәи аԥшшәы шкәакәеи змоу, еиҭныԥсахло быжь-цәаҳәак. Урҭ рахьтә 4 шьацԥшшәуп, 3 шкәакәоуп. Ахәы инадкыланы арымарахьтәи акәакь аҿы хыхьла иануп иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша, зышәагаа абираҟ аура иадкыланы 0,38 иаҟароу, аҭбаара ах-цәаҳәак еидкыланы иаҟароу. Иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша агәҭаны аҩадаҟа ахы рханы иануп арӷьа напы иатәу иаарту анапсаргәыҵа шкәакәаны. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны хә-кәақьҭак змоу быжь-иаҵәа шкәакәак ануп. Зыҵа ҟаԥшьу иаарту анапсаргәыҵа шкәакәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра иасимволуп. Иара Аԥсуа ҳәынҭқарра (8-10–тәи ашәышықәсақәа) ахаан ишьақәгылеит. 12 шәышықәса аҵанакуеит. Ари аҩыза абираҟ асахьа ануп генуеатәи амшын хсаалақәа рҿы 13-тәи 14 –тәиашәышықәсақәа рзы. Анапсаргәыҵа шкәакәа зну иҟаԥшьыхәхәароу абираҟ абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иахьатәи аҳҭнықалақь Аҟәа аҭыԥаҿы ишьҭаз ақалақь Себастополис иахашәыршәыруан. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны ианҵоу хә-кәақьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны ихада- роу аҳаблақәа быжьба ирдыргоуп: Саӡен (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәмаа, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, ԥсҳәы-Аибӷа. Убри аан абираҟ ашәагааи, аеҵәақәа рхыԥхьаӡареи, ашьацԥшшәи аԥшшәы шкәакәеи змоу ацәаҳәақәа реиҭныԥсахлара уҳәа Нхыҵ Кавказтәи Ареспублика (Ашьхаруаа Рреспублика ҳәа изышьҭоу) аҭоурыхтә бираҟ аҷыдарақәа угәаладыршәоит. Иахьатәи аамҭа Иеиуеиԥшым аамҭақәа раан атәым қәылаҩцәа изныкымкәа Аԥсны дара рбираҟ ахаргылара шрылшозгьы, аԥсуаа ашәышықәсақәа иргәылганы еиқәырханы иааргон рхатә символқәа... Аҳәынҭқарреи уи адыргақәеи, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә бираҟ, цәырҵуеит ажәлар рмилаҭтә хдырра аҩаӡара акырӡа ианышьҭыҵлак, иара убас ажәлар акны аҽеидкылара ан- рылша, аҭоурыхтә ԥеиԥш агәра рго ианыҟала. Аԥсуа жәлар абарҭ аетапқәа зегьы ирхысит, уажәы иааиз аамҭа ҿыц ашә инылагылеит, ауаатәҩса рҭоурых иагәылганы иаанагоз амҩа ԥхьаҟа иацҵо Ҳара ҳбираҟқәа –хьӡи-ԥшеи змоу ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳареи аимадара ҳабжьазҵо иԥшьоу дыргақәоуп. Аԥсуа бираҟқәа зықьҩыла ҳабиԥарақәа ршьеи рыԥхӡашеи рхьыршоуп! Зқьышықәсала аԥсуа анацәа рыхшара ирықәныҳәаны идәықәырҵон, аӷа иҿагыланы ақәԥараҿы хьӡи-ԥшеи рыманы Аиааира ргаразы. Урҭ ҭахон ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы, иахьатәи амш азы – Аԥсуа баагәара Ду амҵан, Трахеи Ҵабали рымҵан византиаа ианрабашьуаз, Анаҟәаԥиа ашьапаҿы арабцәа ианрабашьу- аз, Аҟәа абаа азааигәара аҭырқәцәа ианрабашьуаз, Афон Ҿыци, Драндатәи аныхабааи рымҵан ақырҭуа қәылаҩцәа ианырҿагылаз, актәи аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы Европа еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны, мраҭашәаратәи мрагыларатәи аганқәа рҿы 1992-1993 шықәсқәа раан... Имариам, урҭ ҳҭоурых ду иагәылоу ахҭысқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара, Аԥсуа еибашьҩы иԥсҭазаара ахҭынҵаны иахьатәи амш ахьиихьчаз. Леони, Қьелешьбеии, Нестори, Владислави рыр ирылҵыз, аамҭақәа, азқьышықәсақәа зегьы Реибашьҩы. Хашҭра рықәым ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа! Ауаатәҩса рҭоурых иақәлоуп ҳажәлар знысыз амҩа. Имариам, ҳажәлар зну амҩа, иахьагьы ԥсахра ақәӡамкәа иаарту анапсаргәыҵа асимвол имҩақәҵаганы изку. Иахьа – насыԥ зцыз ари адырга аҭоурых аҿы аиаша ашьақәгылара иасимволхеит. Абасала, азқьышықәсақәа рнаҩсгьы анапы асимвол ҳажәлар еиқәырханы иаанагоит. Уи ҳаԥхьаҟа аиааира ҿыцқәа рахь ирыԥхьоит! Азхьарԥшқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра асимболқәа Абираҟқәа
3449
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D1%80%D1%8B%D1%81%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Аурыс бызшәа
А́урыс бызшәа́ Аурыс алфавит Шәахә. иара убас Аурыс Авикипедиа Ахьарԥшқәа Аурыс бызшәа Абызшәақәа
3482
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D1%80%D0%BC%D0%B0%D0%BD%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0
Ермантәыла
Ермантәыла ( — Ҳаиастан), аофициалтә хьӡы: Ермантәылатәи Aреспублика ( — Ҳаиастани Ҳанрапетуҭиун), Шәaмaхьтәылa — Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Ереван () Ермантәыла иаҳҭнықалақьуп. Ақалақь дуқәа – Гиумри, Ванаӡор Адгьылхҩылaaрa Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3500
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B7%D0%B5%D1%80%D0%B1%D0%B0%D0%B8%D1%9F%D1%8C%D0%B0%D0%BD
Азербаиџьан
Азербаиџьан (), аофициалтә хьӡы: Азербаиџьан Ареспублика () — Азиа аҳәынҭқарра иауакуп. Аҭоурых Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1990 – Азербаиџьантәи Асоветтә Социалисттә Республика 1990 инаркны – Азербаиџьан Ареспублика Шәахә. иара убас Аҳәынҭқаррақәа рсиа Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3502
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%B8%D0%B4%D1%83%20%D0%90%D0%BC%D0%B5%D1%80%D0%B8%D0%BA%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%90%D1%88%D1%82%D0%B0%D1%82%D2%9B%D3%99%D0%B0
Еиду Америкатәи Аштатқәа
Еиду Америкатәи Аштатқәа, ЕАА () — Аҩада-Америкатәи аҳәынҭқарра. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Аштатқәа Аҳәынҭқарра иамоуп 50 штатқәа: Азгәаҭақәа Аҩада-Америкатәи атәылақәа НАТО атәылақәа Афедеративтә республикақәа
3508
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B0%D2%AD%D1%8B%D0%BC
Баҭым
Баҭым () — Аҷартәылатәи Автономтә Республика иаҳҭнықалақьыуп (Қырҭтәыла). Аланхо Аланхо Амилаҭтә аилазаара Ақырҭуаа — 142 691 Аерманцәа — 4636 Аурысцәа — 2889 Аукраинцәа — 628 Абырзенцәа — 289 Азербаиџьанцәа — 269 Аԥсуаа — 229 Уаԥсцәа — 131 Аезидцәа — 76 Азгәаҭақәа Баҭым Қырҭтәыла ақалақьқәа
3524
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%B0%D0%B0%D2%AD
Амааҭ
Амаа́ҭ — Урыстәылеи, Белорустәылеи, Приднестровиеи иахьатәи рвалиутақәа ахьӡ. Аԥсныгьы, Аладатәи Уапстәла ирымоуп урыстәылатә мааҭ. Анкьа — урыстәи аҳрақәа амааҭ ирыман. Уи 100 капеик еилоуп. Урыстәылатә мааҭ ISO 4217-ала авалиутатә код иамоуп — RUB. Ахьарԥшқәа Аԥарақәа
3525
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%B3%D0%B0%D0%B4%D1%83
Абгаду
Абгаду́ () — абнатә ԥстәы, алақәа рҭаацәарантәи. Ахьарԥшқәа б
3526
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0
Ала
Ала́ () — аҩнатә ԥстәы, алақәа рҭаацәарантәи. Азгəаҭақəа Ахшфацәа
3527
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D1%8B%D0%BC
Алым
А́лым () — агыгшәыгатә ахш ирфо аԥсаатәқәа рыхкы, еиҳаӡоу аԥстәы ацгәықәа рҭаацәарантәи, атигр ашьҭахь. Ахьарԥшқәа Ахшфацәа
3529
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D0%B1%D0%B0%D0%BC%D0%B0%2C%20%D0%91%D0%B0%D1%80%D0%B0%D0%BA
Обама, Барак
Барак Ҳуссеин Обама (; диит , Ҳонолулу, Гаваи) — 44-тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентцәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитикцәа Обамаа 1961 шықәсазы ииз Нанҳәамза 4 рзы ииз
3530
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%B8%D0%BE%D0%BB%D0%BE%D0%B3%D0%B8%D0%B0
Абиологиа
Абиоло́гиа ( аагоуп абырзен бызшәахьтә: «биос» - аԥсҭазаара + «логос» - аҵара) — зыԥсы ҭоу аԥсабара иазку ҵарадырроуп. Абиологиа иаҵоит аԥсҭазаара, адгьыл иқәу, зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа. Иаҵоит урҭ реиҿартәышьа, рыԥсҭазаашьа, рыхкырацәара, насгьы ҭоурыхлеи хаҭалеи реизҳара азакәанқәа. Ҳапланетаҿы зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа даара ирацәоуп. Аҵарауаа изларыԥхьаӡаз ала, еиуеиԥшым, зыԥсы ҭоу ацәеижь хкқәа ыҟоуп 3,5 миллион раҟара. Ацәеижьқәа зегьы ршоит аҳрақәа ԥшьба рыла: абактериақәа раҳра; акәыкәбаақәа раҳра; аҵиаақәа раҳра; аԥстәқәа раҳра ҳәа. Аԥстәқәа раҳрахь даҵанакуеит ауаҩгьы. Абиологиа иаҵанакуа амаҭәар хадақәа: Авирусҵара Аботаника (аҵиаақәа рҵара) Абактериаҵара Акәыкәбааҵара Азоологиа (аԥстәқәа рҵара) Анатомиа (ацәеижьқәа реиҿартәышьа) Ахацҵара (ахацқәа реиҿартәышьа) Афизиологиа (ацәеижьқәа русура) Аекологиа (ацәеижьқәеи изну аҭыԥи реизыҟазаашьақәа) Ацәеижьқәа ыҟоуп адгьыл иқәу, анышә иҵоу, аӡы иҭоу, аҳауа иалоу. Адгьыл аҿы иҟоу аԥсҭазаара ишьақәнаргылеит абиосфера захьӡу, адгьыл ҷыдала иакәыршоу ахарԥа (абырзен бызшәала «биос» – аԥсҭазаара, «сфера» – акәымпыл). Абиосфера иаҵанакуеит ацәеижьқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа зегьы: атмосфера ҵаҟатәи аҿыгҳара, аӡҭатәарақәа, анышә, анышә иаҵоу алитосфера хыхьтәи аҽыҭ. Зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа рыԥсҭазаара дара-дара еидҳәалоуп, рызегьы изну аԥсабара иахәҭакуп. Зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа рхаҭақәа изну аԥсабара ианыруеит, арахь урҭ рыҟазаара аԥсабаратә цәырҵрақәа – ахьҭа, аԥхарра, ацәаакыра, алашара ирыдҳәалоуп. Ацәеижьқәа дара-дареи аԥсабареи реиныррақәа ҭызҵаауа абиологиа аҟәша иахьӡуп аекологиа (абырзен бызшәала «ойкос» – аҩны, анхарҭа, аԥсадгьыл, «логос» – аҵара). Ирацәоуп абиологиатә дырра хәарҭарас иамоу. Ауаҩы абиологиатә дыррақәа ихы иаирхәоит ақыҭанхамҩаҿы, амедицинаҿы уб. иҵ. Ауаҩы есааира инапаҿы иааигоит адгьыл амалқәа, уи иԥиҟоит абнақәа, дреишәарыцоит абна илоу ашәарахқәа, аԥсаатәқәа, иҭаирбоит аӡқәа, икуеит, хыԥхьаӡара рацәала амшыни аӡқәеи ирҭоу аԥсыӡқәа. Аԥстәқәеи аҵиаақәеи ирылхны иҟаиҵоит ишәиҵо амаҭәа, ахәшәқәа. Аԥстәқәа ихы иаирхәоит ныҟәагас, еибашьыгас, хыхьчагас, рԥшӡагас. Ауаҩы ихы иаирхәарц азы иаԥиҵеит аҵиаақәеи аԥстәқәеи рыхкы ҿыцқәа. Анкьа ибнатәқәаз, иҩнатә ԥстәқәаны, мамзаргьы культуратә ҵиаақәаны иҟаиҵеит. Абиологиатә дыррақәа ихы иархәаны ауаҩы иааирыхуеит арыц, ашәыр, ауҭраҭых уб. иҵ. афатә злыҵуа аҵиаақәа. Абиологиа амаҭәар аҵара шәалагоит уи аҟәша – аботаника аҵара ала. Аботаника – аҵиаақәа рҵара иазкуп. Ажәа «аботаника» абырзен бызшәа аҟынтә иаауеит – «ботане» иаанагоит аиаҵәара, аҳаскьын, аҵиаа ҳәа. Аҵиаақәа рҵара аан еилышәкаауеит урҭ ирыԥсҭазаашьоу, адәахьалеи рыҩныҵҟалеи ишеиҿартәу, рыҿиашьа, адгьыл аҿы иахьуԥыло, хәарҭарас ирылоу, иахьану аҭыԥ ишаныруа убас иҵ. Аҵиаақәа иахьырзааигәоу азы урҭ ирываргыланы ишәҵоит абактериақәеи акәыкәбаақәеи. Уаҟа еилышәкаауеит абактериақәа рыхкырацәара, хәарҭараси цәгьараси ирылоу. Убас акәыкәбаақәа анышәҵо еилышәкаауеит урҭ реиҿартәышьа, ишрызҳауа, ишҿио, хәарҭарас ирылоу уб. иҵ. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи аамҭа-аамҭала рҽеиҭаркуеит. Аҵиаақәа ааԥын ишәҭуеит, абӷьы иаҵәа ылыргоит, ҽаҩраҭагалан рыбӷьы каԥсоит, убас аԥстәқәагьы рхәыжә рҟьоит, рцәаԥшшәахәы рыԥсахуеит. Аамҭа еиҭасра иадҳәаланы аҵиаақәеи аԥстәқәеи рҽеиҭакрақәа аҵара иахьӡуп афенологиа (абырзен бызшәала – «фаино» – аҟалара, «логос» – аҵара). Аамҭала аҵиаақәа рыҽшырыԥсахуа здыруа ауаҩы ианаамҭоу длаҵоит, драшәоит, еиҭеиҳауеит, иҭеигалоит. Насгьы аԥсабара зырԥшӡо зыԥсы ҭоу аҵиаақәеи аԥстәқәеи адунеи аҿы зехьынџьара иубаратәы рхыԥхьаӡара иррацәоит, дырхылаԥшуеит. Абиологиатә дыррақәа змоу ауаҩы аԥсабара бзиа ибоит, деиҷаҳауеит, дацхраауеит. Биологиатә дисциплинқәа Акарилогиа — Анатомиа — Альгологиа — Антропологиа — Бактериологиа — Биогеографиа — Биогеоценологиа — Биоинженериа — Биоинформатика — Амшынду биологиа — Биометриа — Бионика — Биосемиотика — Биоспелеологиа — Биофизика — Биохимиа — Ботаника — Биомеханика — Биоценологиа — Биоенергетика — Бриологиа — Вирусологиа — Генетика — Геоботаника — Гидробиологиа — Гистологиа — Дендрологиа — Зоологиа - Зоопсихологиа — Иммунологиа — Ихтиологиа — Космическая биология — Ксенобиологиа — Лепидоптерологиа — Лихенологиа — Микологиа — Микробиологиа — Молекулиартә биологиа — Морфологиа — Неиробиологиа — Палеонтологиа — Палинологиа — Паразитологиа — Радиобиологиа — Систематика — Системная биология — Синтетикатә биологиа— Спонгиологиа — Таксономиа — Теоретикатә биологиа — Токсикологиа — Фенологиа — Физиологиа — Физиологиа ВНД — Аԥсатәқәа гьы уаҩыгьы рфизиологиа — Аҳасакьы́нқәа рфизиологиа — Фитопатологиа — Цитологиа — Еволюциатә учение — Ембриология — Ендокринологиа — Ентомологиа — Етологиа Фотогалереиа Алитература П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011 Ахьарԥшқәа Иԥсабаратәу ҭҵаарадыррақәа
3532
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D1%88%D1%8B%D0%BD%20%D0%95%D0%B8%D2%9B%D3%99%D0%B0
Амшын Еиқәа
Амшын Еиқәа — Атлантикатә амшынду бассеин аҩныҵҟатәи амшыноуп. Босфор аӡыбжьындала уи еидылоит Амармал мшын, анаҩс Дарданеллақәа аӡыбжьындала еидылоит Егеитәи Адгьылбжьаратәи амшынқәа. Кьерч аӡыбжьындала еидылоит Азовтәи амшын. Аҩадантәи иҵауланы иалалоит амшын ахь Крымтәи адгьылбжьахабжа. Европеи Азиеи аӡытәи рҳәаа иахысуеит Амшын Еиқәа иалсны. жьҭаарамза 31 Амшын Еиқәа амш. Амшын Еиқәа ақәӡара аҵанакоит 422 000 км². Иара аҿыкәыршала еиԥшуп ииашам аформа змоу аихагежь еиҳа иахьыҭбаау 1150 км хьыҟоу. Еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2210 м. Амшын аԥшаҳәа ишьҭоуп быжь-ҳәынҭқаррак: Урыстәыла, Украина, Болгариа, Ҭырқтәыла, Қырҭтәыла. Амшын Еиқәа ӷәӷәала иҟьашьуеит иара иалало аӡқәа иаларгало ааглырхатә пестидицқәеи, азотқәеи, афосфорқәеи ирыхҟьаны.Азоти афтори рыбзоурала амикроорганизмқәеи аӡҵиаақәеи ироуеит афатә, уи реизҳараҿы иацхраауеит, аха нас ибаауеит аӡы аҵаҿы, аӡы акисларод зегьы алцәцәааны. Акисларод азымхара иахҟьаны иԥсуеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа, амоллиускқәа, адыӷаҷиақәа. Иахьа 40% рҟынӡа амшынеиқәа иҭоу зегьы аныӡаара ахықә ихәгылоуп Урҭ ашәарҭара иҭазыргыло иреиуоуп иара убас аӷбақәа, анышьқәа, ашхәақәа. Дара еиладырҩынтуа алыкь аӡы иханагалоит, уи шыхәашьу аҳәарԥсарратә зонақәа рҟынӡагьы инаӡоит. Амшын аҽрыцқьара иахьӡаӡом, уи зегьы аекосистемазы иԥырхагоуп. Алитература Виноградов К. А. Очерки по истории отечественных гидробиологических исследований на Чёрном море. — Киев: Изд-во АН УССР, 1958. Виноградов К. А. Ихтиофауна северо-западной части Чёрного моря. — К., 1960. Васильева Е. Д. Рыбы Чёрного моря. Определитель морских, солоноватоводных, эвригалинных и проходных видов с цветными иллюстрациями, собранными С. В. Богородским. — М.: ВНИРО, 2007. — 238 с. — 200 экз. — ISBN 978-5-85382-347-1. Заика В. Е. Черноморские рыбы и летопись их промысла. — Севастополь, 2008. Агбунов М. В. Античная лоция Чёрного моря. — М.:Наука, 1987. — 156 с. Сорокин Ю. И. Чёрное море: Природа, ресурсы. — М.:Наука, 1982. — 217 с. Филиппов Д. М. Циркуляция и структура вод Чёрного моря. — М.: Наука, 1968. — 136 с. Кузьминская Г. Г. Чёрное море. — Краснодар: Кн. изд-во, 1972. — 92 с. Степанов В., Андреев В. Чёрное море. — Л.: Гидрометеоиздат, 1981. — 160 с. Зайцев Ю. П., Поликарпов Г. Г. Экологические процессы в критических зонах Чёрного моря (синтез результатов двух направлений исследований с середины XX до начала XXI веков) // Мор. екол. журн. — 2002. — 1, N 1. — С. 33-55 Иванов М. В., Вайнштейн М. В., Гальченко М. Ф. и др. Распределение и геохимическая активность бактерий в осадках // Изучение генезиса нефти и газа в Болгарском секторе Чёрного моря. София, 1984. С. 150—181. Биркун А. А. мл., Кривохижин С. В. Звери Чёрного Моря. — Симферополь: Таврия, 1996. — 96 с. ISBN 5-7780-0773-6 Ахьарԥшқәа Амшынқәа
3533
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%B0%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D2%9B%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%B3%D0%B5%D1%80%D0%B1
Аԥсны аҳәынҭқарратә герб
Аԥсны аҳәынҭқарратә агерб — Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб зну хыхьла-ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны ишоуп, ахәҭақәа руак - ԥшшәыла ишкәакәоуп, егьи – иаҵәоуп. Агерб ацәаареии асиужеттә еиҿартәышьеи - хьыԥшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп. Хыхьтәи ахәҭа аҟны иануп ҩ-еҵәа хьыԥшшәалак. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽуаҩ, алакә ҽы – Арашь дақәтәан, дануп. Агерб асиужет Нарҭаа репос иадҳәалоуп. Агерб аԥшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аԥсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду, ари аиҭеира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реизакзра символра рзыруеит. Азхьарԥшқәа Аҳәынҭқарратә символика Аԥсны Аҳәынҭқарра асимболқәа
3535
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D1%8C%D1%8B%D0%B1%D0%BB%D0%B0
Ахьыбла
Ахьыбла (алат. Chrysopidae) - ахәаҷа-маҷа амҵәыжәҩаҿыцқәа (Neoptera) ротриад аҟынтәи. Амаҵақәа
3536
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0%D2%AD%D1%8B%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Алаҭын бызшәа
Алаҭын бызшәа () — индоевропатәи бызшәатә ҭаацәарантәи, италиитәи рбызшәақәа лаҭын-фалисктә агәыԥеиҵа рбызшәа. Азгәаҭақәа Абызшәақәа Аԥсы абызшәақәа Ажәытә Рим
3537
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A7%D0%B5%20%D0%93%D0%B5%D0%B2%D0%B0%D1%80%D0%B0%2C%20%D0%95%D1%80%D0%BD%D0%B5%D1%81%D1%82%D0%BE
Че Гевара, Ернесто
Ернесто Че Гевара ( [ ˈtʃe ɡeˈβaɾa ], ихаҭәоу ахьӡ - Ернесто Рафаель Гевара (); , Росарио, Аргентина — , Ла-Игера, Боливиа) - алаҭынамерикатә револиуционер, команданте, кубатәи ҳәынҭқарратә аҟаҵаҩ. Америка континент ада, аус ииуон Конго Аҳәынҭқарраҿ. Абиографиа Ернесто Гевара диит Рашәарамза 14 1928 шықәсазы, аргентинатә ақалақь аҿы Росарио. Дыныхәҷаз, Ернесто ахьӡ иман Тете ("аҳәаҵыс"). Литература Джон Ли Андерсон. «Че Гевара. Важна только Революция», Серия «Главные герои», Амфора, 2009 г. ISBN 978-5-367-01010-7}} Гавриков Ю. М. Последний романтик революции. М., 2004. Гросс Х.-Э., Вольф К.-П. Че: «Мои мечты не знают границ». М.: Прогресс, 1984. Кормье Ж., Гевара Гадеа И., Гранадо Хименес А. Че Гевара. Ростов н/Д.: Феникс, 1997. Кормье Ж., Лапер Ж. Че Гевара. Спутник революции. М.: Астрель, АСТ, 2001. ISBN 5-17-008457-9 Лаврецкий И. Р. Эрнесто Че Гевара. М.: Издательство ЦК ВЛКСМ «Молодая гвардия», 1972. («Жизнь замечательных людей»). Переиздания: 1973, 1978. Григулевич И. Р. Эрнесто Че Гевара и революционный процесс в Латинской Америке. — М., Наука, 1984. — Тираж 14500 экз. — 300 с. Лаврецкий И. Р. Эрнесто Че Гевара. М.: Издательство «ТЕРРА», 2002. Пако Игнасио Тайбо II. Гевара по прозвищу Че. М.: Эксмо, 2004. Устарис-Арсе Р. Че Гевара: Жизнь, смерть и воскрешение из мифа / Пер. с исп.— М.: Центрполиграф, 2012. — 511 с., 3000 экз., ISBN 978-5-227-03469-4 Азхьарԥшқәа Эрнесто Че Гевара: жизнь и деятельность, отразившие великие надежды уходящего столетия - Даниэль Бенсаид Che Guevara Internet Archive GUERILLA WARFARE by Che Guevara Че Гевара, Эрнесто в каталоге ссылок Open Directory Project Аргентинатәи аполитикцәа Аргентинатәи акоммунистцәа Аргентинатәи адипломатцәа‎ Аргентинатәи ареволиуционерцәа Акубатәи ареволиуционерцәа Амарксистцәа Апартизанцәа Ареволиуционерцәа иршьыз 1928 шықәсазы ииз Рашәарамза 14 рзы ииз 1967 шықәсазы иԥсыз Жьҭаарамза 9 рзы иԥсыз
3539
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0%D0%B0
Аԥсуаа
Аԥсуаа — аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ ауаажәлар амраҭашәаратә Кавказ аҿы. Инхоит Аԥсны (59% атәыла ауааԥсыра) усгьы Ҭырқтәыла, Урыстәыла, Шьамтәылеи Иорданиеи. Ицәажәоит аԥсуа бызшәала. Етноним Раԥхьаӡа ақәны аԥсуа хылҵшьҭрақәа ирыдҳәалоу аетнонимқәа цәырҵуа иалагеит ҳиера ҟалаанӡа II-тәи азқьышықәса анҵәамҭазы. Ассириатәи аҳ Тиглатпаласар I-тәи иҟаиҵаз анҵамҭаҿы (XI-тәи ашәышәықәса алагамҭа) далацәажәоит аетнонимқәа "абешла". Аҵарауаа ишырыԥхьаӡо ала, аетнонимқәа "абешла", "аԥшьилаа", "аԥсилаа", "аԥсуаа" шьаҭас ауп ирымоу. Иара абри аҵыхәтантәи ауп аԥсуа иахьагьы рхазы хьӡыс - етноним ирымоу. Ҳәарада, аетноним "апсуаа" урҭ жәларык иаҳасаб ала рышьақәгыла иадҳәалоуп. Антикатәи аамҭазы авторцәа аӡәырҩы иахьатәи Аԥсны иахьаҵанакуаз иахгәарҭон абарҭ ахьӡқәа - аетнонимқәа: колхаа, гениохаа, аԥсилаа, абазгаа, мысымианаа, саныгаа. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы, аԥсуаа жәларык раҳасабала ианышьақәгыла, урҭ ргәылацәа рыҟнытә еидызкылоз ахьыӡқәагьы роуа иалагеит. Убас византиаа "абазгаа" ҳәа ирышьҭан, ақыртқәа - "аԥхази", аерманцәа - "аԥхази", аурысқәа - "обезы", "абазы", адыгаа - "азега", аублаақәа - "басхыг" ҳәа. Иахьанӡагьы аҭырқәцәа аԥсуаа хылҵшьҭрақәа "абаза" ҳәа ирышьҭоуп, арабқәа рыҟны зызбахә ҳамоу аетноним "абаза" аԥсуаа иреиуоу аӡәырҩы жәлас ишьҭыхны ирымоуп, иара убри алагьы ретникатә хдырра еиқәдырхәоит. Ишаабо еиԥш, "абаза", "аԥхаз", "аԥсуа" зхылҿиааз етнонимк ауп, насгьы дара шьаҭас ирымоу "ԥс", "бз" роуп. Шьоукы аҭҵааҩцәа ахьӡ „аԥсуа“ агәызҩаратә ажәа „аԥсы“ (иԥсыз) иалҵуеит ҳәа ирҳәоит. Егьырҭ аҭҵааҩцәа "ԥсы" аелемент еиҿырԥшоит аӡыи аӡиасеи реиԥш, "аԥсуаа" урҭ етимологиала еиҭаргоит "аӡы иапну ауаа", мамзаргьы "аӡы (амшын) аԥшаҳәаҿы инхо ауаа" (Инал-иԥа, 1971. Даҟь.377). Излашьақәыргылоу ала, аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҟны "ԥсы" иаанагон "аӡы" ҳәа ауп, "бзы" аубых бызшәалагь "аӡы" иаанагоит. Дара абарҭ ажәашьагәыҭқәа рылоуп излашьақәгыло Амшын Еиҟәа аԥшаҳәааҟынтәи ирацәаӡаны иахьанӡагьы иаҳԥыло агидронимқәа - аӡиасқәа рыхьӡқәагьы. Аԥсны анҭыҵ - Акамԥсыс, Ариԥса, Дуабзу, Туаԥсе, Суԥса, насгьы Аԥсны иаҳԥыло: Гәымԥсы, Ааԥсы, Хыԥсы, Бзыԥ, Лашԥсы, Ҳашԥсы, ԥсоу уб. иҵ. Етнографиатә гәыԥқәа Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ишон быжь-гәыԥкны: Асаӡуаа — иахьатәи аамҭазы инхоит Ҭырқтәылеи Аҿариеи. Амхаџьырра аԥхьа инхон Аԥсны амраҭашәарач, аӡиасқәа Шәаҽеи Гагреи рыбжьара. Бзыԥаа — Гагреи Шыҵқәареи аӡиасқәа рыбжьара инхоит. Гәдоуҭа араион еиҳарак иуааԥсыроуп. Ирацәаны инхоит Ҭырқтәылагьы. Гәымаа — агәҭанҭәи Аԥсны ишьагәыҭу ауааԥсыра. Рыззегьы ирылырҵеит Ҭырқтәыла. Абжьыуаа — Ахәри Кәыдрыи рыбжьара инхоит. Очамчыра араион еиҳарак иуааԥсыроуп. Самырзаҟанаа — Самырзаҟан ишьагәыҭу ауааԥсыра. Далаа-Ҵабалаа — амхаџьырра аԥхьа инхон Кәыдры аханы. Ԥсҳәыуаа- — амхаџьырра аԥхьа инхон ԥсоу Бзыԥеи рханқәа рыбжьара. Еицардыруа аԥсуаа Амилаҭқәа
3564
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D0%BA%D1%80%D0%B0%D0%B8%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Аукраин бызшәа
Аукраин бызшәа́ () — Украина аҳәынҭқарратә бызшәа иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Аукраин алфавит Абара Аукраин Авикипедиа Ахьарԥшқәа Абызшәақәа Аукраин бызшәа
3568
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A3%D0%BA%D1%80%D0%B0%D0%B8%D0%BD%D0%B0
Украина
Укра́ина () — Европаҟны мрагыларатәи агаҟны аҳәынҭқарра. Аҵанакы – (Ҟрым дналаҵаны). Аҳәынҭқарра иаланхо – . Апрезидент - Владимир Зеленски. Административ-территориалтә шара Аҳабла Винныцатә аҳабла Волынтә аҳабла Днипропетровсктә аҳабла Донецктә аҳабла Жытомыртә аҳабла Закарпататә аҳабла Запорижьатә аҳабла Ивано-Франкивсктә аҳабла Кировоӷрадтә аҳабла Кыивтә аҳабла Луӷансктә аҳабла Львивтә аҳабла Мыколаивтә аҳабла Одесатә аҳабла Полтаватә аҳабла Рывнетә аҳабла Сумытә аҳабла Тернопильтә аҳабла Харкьывтә аҳабла Херсонтә аҳабла Хмельныцктә аҳабла Черкасытә аҳабла Чернивцитә аҳабла Черниӷьывтә аҳабла Иаҳҭнықалақьыуп Киев Севастополь (de-jure) Автономтә республика Автономтә республика Ҟрым (де-иуре) Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3570
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D1%8C%D0%B2%D0%BE%D0%B2
Львов
Львов () — Украина ақалақь. Уи атәылатә амраҭашәара аҿы иоуп. Иаланхо 760 757-ҩык (2010 ш.) Аҭоурых Атранспорт Львивтәи ауаажәларратә транспорт иҿиаауп. Ақалақь итранспорт хкы хада атрамваиоуп. Атрамваитә хҵәахақәа ирацәоуп. Автобустә маршрутқәа рацәа ауп. Уба бба нас Азгәаҭақәа Алитература Ахьарԥшқәа Альвив ақалақьтәы аилатәара Ахьарԥшқәа Украина ақалақьқәа
3575
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B8%D0%B5%D0%B2
Киев
Киев () — Украина иаҳҭнықалақьыуп. Иаланхо 2 782 336-ҩык (2009 ш.) Абара Акиев ақалақьтәы аилатәара Ахьарԥшқәа Украина ақалақьқәа Аҳҭнықалақьқәа СССР ақалақьқәа-фырхаҵа
3577
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%BE%D0%BB%D0%B3%D0%B0%D1%80%D0%B8%D0%B0
Болгариа
Болга́риа (), аофициалтә хьӡы: Болгариа Ареспублика () — Европаҟны мрагыларатәи агаҟны аҳәынҭқарра. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа НАТО атәылақәа
3580
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B7%D0%BE%D0%B2%20%D0%B0%D0%BC%D1%88%D1%8B%D0%BD
Азов амшын
Азов амшын (, , , адыг. Хы МыутІэ) - Атлантикатә амшынду аҩныҵҟатәи амшын. Ари адунеиаҿ иҳучӡоу амшынуп. Ахьӡ Анкьаӡазны Азов амшын ахьӡын "Меотаа рӡиа" (абырз. Μαιῶτις) Амшынқәа
3597
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A3%D1%80%D1%8B%D1%81%20%D0%90%D0%B8%D1%85%D0%B0%D0%BC%D2%A9%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
Урыс Аихамҩақәа
Урыс Аихамҩақәа ( ) — урыс аҳәынҭқарратә аихамҩа транспорттәи компаниа ауп. Ахьӡ азна Ақционертә Еилазаара хту «Урыс Аихамҩақәа» () имоуп. УХМ аусбарҭа хада Москваҟны, Басмантә Ҿыц () аҟны, аҩны 2 иҟоуп. Аилазаашьа «УХМ» акаҭа 17 филиалқәа ирзыршеит: Алада-мрагыларатәи аихамҩа Алада-Уралтәи аихамҩа Баикалнырцәтәи аихамҩа Волганаҩстәи аихамҩа Горкитәи аихамҩа Калининград аихамҩа Красноиарск аихамҩа Куибышев аихамҩа Москватәи аихамҩа Амрагылара-Сибиртәи аихамҩа Амраҭашәара-Сибиртәи аихамҩа Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа Октиабртә аихамҩа Сахалин аихамҩа Свердловск аихамҩа Харатәи Амрагылара аихамҩа Ҩадатәи аихамҩа Урыстәылатәи аихамҩа
3599
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%BE%D0%BB%D1%8C%D1%88%D0%B0
Польша
Польша (), аофициалтә хьʒы: Польша Ареспублика () — Агәҭабжьаратәи Европаҿы, Балтикатәи амшын аладатәи агаҟны атәыла ауп. Амраҭашәараҿы уи Алмантәыла еидуп, алада-мраҭашәараҿы — Чехиа еидуп, аладаҿы — Словакиа, алада-мрагылараҿы — Украина, амрагылараҿы — Белоруссиа, аҩада-мрагылараҿы — Летвеи Урыстәылеи еидуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Аланхо Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа НАТО атәылақәа
3613
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D0%B0%D0%B0%D2%AD%D1%82%D3%99%20%D0%B7%D0%BE%D0%BD%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
Асааҭтә зонақәа
Адунеи асааҭтә зонақәа. Агеографиа
3631
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%BE%D1%81%D0%BA%D0%B2%D0%B0
Москва
Москва́ () – Урыстәыла аҳҭнықалақь ауп. Иаланхо . Аҭоурых Административ-территориалтә ашара Москва 10 аокругқәа имоуп: Агәҭабжьаратәи административтә округ Амраҭашәаратәи административтә округ Алада-мраҭашәаратәи административтә округ Аладатәи административтә округ Алада-мрагыларатәи административтә округ Амрагыларатәи административтә округ Аҩада-мрагыларатәи административтә округ Аҩадатәи административтә округ Аҩада-мраҭашәаратәи административтә округ Зеленоградтә административтә округ Агеографиа Атранспорт Мосватәи ауаажәларратә транспорт иҿиаауп. Ақалақь итранспорт хкы хада метроуп. Москватәи аметро 13 хҵәахақәа имоуп. Атрамваитә хҵәахақәа ирацәоуп. Автобустәи троллеибустәи маршрутқәа рацәа ауп. Азхьарԥшқәа Достопримечательности Москвы Азгәаҭақәа Урыстәыла ақалақьқәа Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа Аҳҭнықалақьқәа СССР ақалақьқәа-фырхаҵа
3639
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%84%D0%B0%D1%88%D0%B8%D0%B7%D0%BC
Афашизм
Афаши́зм (аитал. fascismo ; fascio - "аидгылара") - аполитологиатә термин, ирадикалу амилаҭеилыхратә идеологиа. Ахьарԥшқәа Аполитикатә идеологиақәа
3652
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B5%D1%82%D1%85%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%BD%2C%20%D0%9B%D0%B8%D1%83%D0%B4%D0%B2%D0%B8%D0%B3%20%D0%B2%D0%B0%D0%BD
Бетховен, Лиудвиг ван
Лиудвиг Ван Бетховен ( ; Ԥхынҷкәынмза 16 1770, Бонн, Вестфалиа - хәажәкыра 26 1827 Вена, Австриатәи аимпериа) - германтәи композитор, адирижиореи апианистеи, аӡәы х-"вентәи классикқәа" рыҟныҭә. Германиатәи акомпозиторцәа Германиатәи амузикантцәа 1770 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 16 рзы ииз 1827 шықәсазы иԥсыз Хәажәкырамза 26 рзы иԥсыз
3657
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B3%D0%B5%D1%80%D0%BC%D0%B0%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Агерман бызшәа
Агерма́н бызшәа́, Алемс бызшәа́, анемец бызшәа́ () – алманцәеи австриуаеи лихтенштеинуаеи швеицарцәа реиҳареи рбызшәа ауп. Германиеи Австриеи аҳәынҭқарратә бызшәа иамоуп. Индо-европеитә ажәла герман группа иреиоуп. Уи ашәҟәҩыра алаҭын алфавит иҵаҵӷәиркоит. Агерман алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа
3661
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%BE%D1%86%D0%B0%D1%80%D1%82%2C%20%D0%92%D0%BE%D0%BB%D1%8C%D1%84%D0%B3%D0%B0%D0%BD%D0%B3%20%D0%90%D0%BC%D0%B0%D0%B4%D0%B5%D0%B8
Моцарт, Вольфганг Амадеи
Иоганн Хризостом Вольфганг Теофил Моцарт (; даҽакала Вольфганг Амадеи Моцарт ; , Зальцбург — , Вена, Австриа) — еицырдыруа австриатә композитори, аинструменталистеи дирижиореи. Абиографиа Вольфганг Амадеус Моцарт диит 1756 шықәса азы. Уи иаб Леопольд Моцарт, иҷкәын илаз абаҩхатәра арҿиаразы, композиторк, теоретикк иаҳасабала икариера мап ацәикит. Иара Моцарт рҵаҩыс диман аскрипка, афортепиано, амузыкатә теориа азы, анаҩс урҭ рзы дихыҳәҳәо дагьыҟалоит. Моцарт ԥшьышықәса анихыҵуаз афортепиано азы аконцертқәа иҩуан, жәеиза шықәса анихыҵуаз раԥхьаӡатәи иопера ҩны далгеит. Моцарт ихәыҷра еиҳарак иаҳәшьа дицны Европа дшакәшоз ихигеит. Раԥхьаӡа аусура иоуит жәаха шықәса анихыҵуаз архиепископ Зальцбург иҿы. Уи уа аус иуан жәаҩа шықәса, арихиепискап иусура дамихаанӡа. Моцарт уи аамҭазы адунеи аҿы амузыка аҳҭнықалақьс иҟаз, Венаҟа диасуеит. Иара авундеркинд иаҳасабала ақәҿиара ду иман, аха ианизҳа аусурҭа аԥшааразы ауадаҩрақәа иныруа далагеит. Вена ақалақь аҿоуп Моцарт Гаидн дахьиқәшәаз, уи Моцарт имҵәыжәҩа дыҵакны диман, абык иаҳасабала ибаҩхатәра дахӡыӡаауан. Моцарт ихы зланиҟәигоз аԥара ирҳарц азы аоперақәа иҩуан, урҭ лассы ауаа ирылаҵәон. Моцарт амузыкатә идеиақәа деимаркуан. Иара акомпозициақәа раԥҵаразы ус хаданы иҿаԥхьа иқәгылаз, амузыка ақьаад анҵаракәын. Уи аамҭаз иара Алоиза Вебер захьӡыз аԥҳәызба бзиа дибеит. Уи ажәа лниҵеит, аха лара мап лкит, усҟан лара лҭыԥан лаҳәшьа Констанца ԥҳәысс дигеит. Моцарт икомпозициа ду симинор ичаразы иҩит. Композиторк иаҳасабала Моцарт аихьӡара дуқәа иоуит Прага данаҭаа. Иары идҵан акымкәа аоперақәа рҩра, икариерагьы ақәҿиарақәа аман. Изымдырӡоз аӡәы ареквием иҩырц ианидигала, Моцарт уи иара ишитәыз ала агәра ганы дыҟан, ус иагьыҟалеит, иара диашахеит. Иара уи алгара даара дахыццакуан, аха аҵыхәтәан хәҭақәак роуп дзыхьӡаз, иара убас иаанхаз ахәҭақәак рысхема аанажра дахьӡоит. Иара иԥсҭазаара далҵуеит игәабзиара ахьыуашәшәыраз иахҟьаны ҩажәи жәохә шықәса анихыҵуаз. Ареквием уи иҵаҩцәа иреиуаз – Сассмеир ихиркәшеит. Моцарт дполитика уаҩымызт. Уи дыклассикын. Иара Бах ихә ҳаракны ишьон, иаԥиҵеит 49 симфониеи 18 опереи. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Акомпозиторцәа Австриатә амузыкантцәа 1756 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 27 рзы ииз 1791 шықәсазы иԥсыз Ԥхынгәымза 5 рзы иԥсыз
3668
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D3%A1%D1%8B%D0%BD
Аӡын
А́ӡын - акы ԥшь-ашықәс аамҭак рҟынҭә, ҭагаланеи ааԥынеи рыбжьара. Аӡын мзақәа роуп: ԥхынҷкәын, ажьырныҳәа, жәабран. Аӡын хьҭоуп, амш хәыҷоуп, аҵх — дууп. Ахьарԥшқәа
3673
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%B5%D0%BB%D0%BE%D1%80%D1%83%D1%81%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Абелорус бызшәа
Абелору́с бызшәа́ () — Белорустәыла бызшәас иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Абелорус алфавит Абара Абелорус Авикипедиа (тарашкевица) Абелорус Авикипедиа Ахьарԥшқәа Абызшәақәа
3676
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D0%B5%D1%80%D0%B1%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Асерб бызшәа
Асерб бызшәа () — Сербиа аҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Асерб акирил алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа
3682
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%BE%D0%BB%D0%B4%D0%B0%D0%B2%D0%B8%D0%B0
Молдавиа
Молдавиа (, ), аофициалтә хьӡы: Молдова Ареспублика (, )  — Европа атәыла иауакуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3698
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D0%B5%D0%B2%D1%87%D0%B5%D0%BD%D0%BA%D0%BE%2C%20%D0%A2%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%81
Шевченко, Тарас
Шевченко, Тарас Григори-иԥа (, ; , Морынци — , Санкт-Петербург) — аукраин апоетеи асахьаҭыхҩыеи. Дырмит Гәлиа диҭазгуан аҩымҭақәа аԥсшәа. Аусаҭ Ажәа Дырмит Гәлиа аиҭага. <table class = "wikitable" width="300"> <tr> АУСИАҬ АЖӘА Са санԥслакь шәара сыжәжы Адамра сҭаҵаны, Асазан ҭбаа агуҭаны, Са с-Украинаҿы; Адә ду ԥшӡа ҭбаакуеи, Днепри уи аԥаҩкуеи Сара избауа, цқьаисаҳауа Иара абжьы шгауа. Украинатә ишаагалакь Хара амшын иаҵәахь Хаӷацәа ршьа… усҟан сара Адәи ашьхеи абра — Зегь ааныжьны иара убрахь, Сцап анцәа ихаҭа иахь Сматанеирацы… Уаанӡа сара- Дсыздырам уи анцәа. Сара сыжәжы, нас шәа шәнагыл, Ашьамҭлаҳәкуа ншашәыжь, Нас ҳаӷацәа ршьала Ицқьашәтә ахакуиҭра. Саргь ҭаацәара ду аҿы, Хакуиҭ ҭаацәа ҿыц аҿы, Сышәхашәмырхҭын, сышәгуалашәала Жәа хаа гуҟаҵагала. </div></td></tr></table> Шәахә. иара убас «Аусиаҭ ажәа» 1814 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 9 рзы ииз 1861 шықәсазы иԥсыз Хәажәкырамза 10 рзы иԥсыз Украинатәи ашәҟәыҩҩцәа Украинатәи асахьаҭыхҩцәа
3699
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%BE%D0%BB%D0%B3%D0%B0%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Аболгар бызшәа
Аболга́р бызшәа́ () — Болгариа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Аболгар алфавит Абара Аболгар Авикипедиа Азгәаҭақәа Абызшәақәа
3700
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%87%D0%B5%D1%85%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Ачех бызшәа
Ачех бызшәа () — Чехиа ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Ачех алфавит Шәахә. иара убас Ачех Авикипедиа Азгәаҭақәа Абызшәақәа
3702
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D0%BE%D1%80%D0%B2%D0%B0%D1%82%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Ахорват бызшәа
Ахорват бызшәа () — Хорватиа ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Славиан группа, аладатә сыбгруппа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Ахорват алфавит Абара Ахорват Авикипедиа Азгәаҭақәа Абызшәақәа
3704
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%B0%D1%81%D0%B0%20%D2%9A%D1%8C%D1%8B%D1%80%D1%81%D0%B0
Иаса Қьырса
Иаса Қьырса (, ; 4 ш. до н.э. - 26-36 н.э.) — ацентралтә фигура ақьырсианраҿ, Мессиа, Анцәа Иԥа. Аԥсылманрааҿ иара дпророкуп, дмессиуп, дуаҩыуп. Ахьӡ "Иисус" Иисус - иахьатәи транслитерациа абырзентә форма Ιησούς, ажәытәӡатәи ауриа ахьӡ ישוע (Иешу́а). Аҿатә Уасиаҭ аперсонажцәа Ақьырсианра Ауаа иршьыз
3707
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B0%D1%84%D0%BA%D0%B0%2C%20%D0%A4%D1%80%D0%B0%D0%BD%D1%86
Кафка, Франц
Франц Кафка (; , Прага — , Клостерноибург) — еицырдыруа агерман ашәҟәыҩҩы, уи хылҵшьҭрала дуриоуп. Алитература Белобратов А. В.. Процесс «Процесса» // Кафка Ф. Процесс [по материалам рукописи]. СПб., 2006 Гулыга А. В. Человек в мире отчуждения (социальные аспекты творчества Ф. Кафки) // Гулыга А. В. Эстетика в свете аксиологии. СПб., 2000 Затонский Д. В. Ф. Кафка и проблемы модернизма. 2-е изд. М., 1972 Зусман В. Г. Художественный мир Ф. Кафки: малая проза. Н. Новгород, 1996 Копелев Л. З. У пропасти одиночества: Ф. Кафка и особенности современного субъективизма // Копелев Л. З. Сердце всегда слева. М., 1960 Подорога В. А. Ф. Кафка. Конструкция сновидения // Подорога В. А. Выражение и смысл. М., 1995 Ауриа ашәҟәыҩҩцәа Чехиатәи ашәҟәыҩҩцәа Прагатәи агерман литература Асоциалистцәа 1883 шықәсазы ииз Ԥхынгәымза 3 рзы ииз 1924 шықәсазы иԥсыз Рашәарамза 3 рзы иԥсыз
3708
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%92%D0%B0%D0%B3%D0%BD%D0%B5%D1%80%2C%20%D0%A0%D0%B8%D1%85%D0%B0%D1%80%D0%B4
Вагнер, Рихард
Вилӷелм Рихард Вагнер (; , Леипциг, Саксониа аҳәынҭқарра — , Венециа, Италиа) — алман акомпозитор, аинструменталистеи дирижиореи. Аоператә музыка ареформатор ддуӡӡоуп. Абиографиа Амузыка Афилософиа Уба, бба нас Германиатәи акомпозиторцәа Германиатәи амузикантцәа Германиатәи ашәҟәыҩҩцәа 1813 шықәсазы ииз Лаҵарамза 22 рзы ииз 1883 шықәсазы иԥсыз Жәабранмза 13 рзы иԥсыз
3709
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D1%81%D0%BF%D0%B5%D1%80%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%BE
Есперанто
Есперанто (Esperanto) — адунеижәларбжьа-ратә бызшәа. Аԥҵаҩы абызшәа Лиудвик Заменӷоф. Аесперант алфавит Абара Аесперант Авикипедиа Борис Колер, Есперанто арҵага шәҟәы Аесперант алфавит Аесперант грамматик Иԥсабаратәым абызшәақәа
3711
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D1%8B%D1%80%D0%B7%D0%B5%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Абырзен бызшәа
Абырзе́н бызшәа́ ( [e̞ˌliniˈka]) — Бырзентәыла ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Индо-европеитә ажәла иреиоуп. Абырзен алфавит Ахронологиара Барзеншәа хԥа ҭоурых период имоуп: ажәытә барзеншәа, барзен, барзеншәа ҿыц Азгәаҭақәа Абызшәақәа Абырзен бызшәа
3716
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%B2%D1%80%D0%BE%D0%BF%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%90%D0%B8%D0%B4%D0%B3%D1%8B%D0%BB%D0%B0
Европатәи Аидгыла
Европатәи Аидгыла — Европатәи атәылақәа 25 еидызкыло, аиҳабырабжьаратә имилаҭтәым еиҿкаароуп, урҭ Аидгыла иалахәу атәылақәа ҳәа рыхьӡуп. Европатәи аидгыла 1992 шықәсазы иаԥҵан Европатәи аидгылазы Маастрихттәи аиқәшаҳаҭрала. Убас шакәугьы, ари аидгыла угәалазыршәо а3ыдара6ъа ыҟан уаанӡатәи аизыҟазаашьақәа рыҟны, 1951 шықәса инаркны. Еропатәи аидгыла аусура иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә усзура аганқәа зегьы, агәабзиарахьчареи аекономикеи инадыркны адәныҟатәи аполитикеи атәылахьчареи рҟынӡа. Урҭ рыдагьы, Евроеидгыла аҟазаараҿы ихадараны иҟоуп иаку аџьырмыкьа аԥҵареи напхгараҭареи, уи иаҵанакуеит: аҳазалхратә еидгыла, 25 тәыла рыҟнытә 12 рыҟны иалагалоу иаку авалиута, иаку ақыҭанхамҩатә политика, иаку ахәаахәҭратә политикеи иаку аԥсыӡхьчаратә политикеи. Евроеидгыла аусбарҭа хадақәаны иҟоуп Еврокомиссиа, Европатәи Аидгыла Ахеилак, Европатәи ахеилак, Европатәи аидгыла Аӡбара, Европатәи аԥхьаӡаратә палата, Европатәи амилаҭтә банки Европатәи Апарламенти. Евроеидгыла арҭбаара атәы ҳҳәозар, еиҳа аҽарҭбааит лаҵарамза 1, 2004 шықәсазы, Евроеидгыла иҿыцу аҳәынҭқаррақәа 10 анацла. Румыниеи Болгариеи Евроеидгыла иалалеит ажьырныҳәа 1, 2007 шықәсазы. Аԥхьаҟа Евроеидгыла иазҳар алшоит 30 ҳәынҭқарра рҟынӡа. Евроеидгыла аҽырҭбаара апроцесс зны-зынла евроинтеграциа азырҳәоит. Евроеидгыла алаларазы аҳәынҭқарра аекономикатәи аполитикатәи дҵақәак нанагӡароуп. Насгьы Евроеидгыла аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Евроеидгыла иалахәу зегьы ари алалара иазыразхароуп. Евроеидгыла иахьа 28 ҳәынҭқарра алоуп, ауааԥсыра 500 миллион рҟынӡа ҟалоит инықәырԥшшәа. 2012 шықәсазы Европатәи аидгыла аҭынчра иазку Нобель ипремиа анашьоуп. Алахәылақәа Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Абара ЕА Аофициалтә адаҟьа Европа Европатәи Аидгыла Аиҳабырабжьаратә организациақәа 1993 шықәсазы ицәырҵит
3719
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%B8%D0%B4%D1%83%20%D0%90%D0%BC%D0%B8%D0%BB%D0%B0%D2%AD%D2%9B%D3%99%D0%B0%20%D0%A0%D0%B5%D0%B8%D2%BF%D0%BA%D0%B0%D0%B0%D1%80%D0%B0
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) — адунеижәларбжьа-ратә организациа, дҽеидкылоут шеибакәу аҳәынҭқаррақәа (Амраҭашәаратәи Саҳара, мазхаҵарац аҳәынҭқаррақәа иаҷыданы). Абара ЕМрО Аофициалтә адаҟьа Аиҳабырабжьаратә организациақәа 1945 шықәсазы ицәырҵит
3721
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%BA%D0%BE%D0%B2%D0%BE%D1%80%D0%BE%D0%B4%D0%B0%2C%20%D2%B2%D1%80%D0%B8%D2%B3%D0%BE%D1%80%D0%B8%20%D0%A1%D0%B0%D0%B2%D0%B2%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
Сковорода, Ҳриҳори Савва-иԥа
Ҳриҳори (Григори) Савва-иԥа Сковорода (, ; , Чорнухы — , Иванивка) — украин афилософи, апоети, апедагоги, арккаҩи. Афилософцәа Украинатәи ашәҟәыҩҩцәа 1722 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 3 рзы ииз 1794 шықәсазы иԥсыз Абҵарамза 9 рзы иԥсыз
3722
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D0%B0%D1%80%D0%B4%D0%BE%20%D0%B4%D0%B0%20%D0%92%D0%B8%D0%BD%D1%87%D0%B8
Леонардо да Винчи
Леонардо ди сер Пиеро да Винчи (; , Анкиано ақыҭа, Флоренциа ареспублика — , Кло-Лиусе ахан, Амбуаз, Франциа) — адуу италиатә асахьаҭыхҩы (архитектор, аскульптор) аҭҵаарадырраҩы (аматематик, афизик, анатом), илашу "ауниверсалтә ауаҩы" () ахкы, италиатә Ренессанс аидеал. Абиографиа Аӡәгьы иҳамаикӡом, Леонардо да Винчи (1452-1519) зегь реиҳаӡоу асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкуп ҳҳәар. Иара иҭихыз асахьа «Уаххьа маӡа» адунеиаҿ зегь реиҳа еицырдыруа сахьақәа иреиуоуп. Леонардо зегьы деицырдыруа дҟалон акгьы ҭимхыргьы. Избанзар уи дыԥҵаҩ дуун. Уи адагьы Леонардо дҵарауаҩ дуун, дконструкторын. Иара убас уи дпоетын, дмузыкантны, дыскульпторын. Иара идагьы ауаатәҩса рыԥсҭазаарҿ уаҳа аӡәгьы илымшацзар ҟалап ииҵаз аҟара аҵара. Уи абџьар хкқәеи рмеханизмқәеи аԥиҵеит. Иара убас аҳаирпланқәеи аӡаҵаҟатәи анышьқәеи рмодельқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон. Леонардо до Винчи, аиашазы, генииуп изуҳәар алшоит. Леонардо диит Италиа Винчи ақыҭан. Уи ихәыҷра аиҳарак иаб иҭаацәа рҿы ихигеит. Леонардо дхәыҷыԥшӡан, ихахәы еиларҳәы, илақәа иаҵәаӡа дыҟан. Леонардо иаб иҷкәын асахьаҭыхра аинтересс шимоу иангәеиҭа, уи иреиӷьӡоу асахьаҭыхҩы бзиа, арҵаҩы иахь дишьҭуеит. Ҽнак Леонардо ирҵаҩы исахьаҿы амаалақь исахьа ҭихуеит. Уара сахьаҭыхыҩҵас усеиҳауп, арҵаҩы – уаҳа сара асахьа ҭысхӡом”, – иҳәеит арҵаҩы. ԥыҭрак ашьҭахь, Леонардо иаб арҵаҩы уаҳа аԥара изысшәаӡом ҳәа иӡбеит. Уи иҷкәын ихигоит ахаҳәқәеи, аҵиаақәеи ҭҵаауа, аԥсааҭқәа дрышьклаԥшуа, урҭ рцәеижьы шеиҿартәу аилкаара дахьашьҭаз, амеханизмқәа рмодельқәа анаԥиҵоз мыцхәы аамҭа рықәирӡуеит ҳәа иԥхьаӡон. Аха Леонардо ирҵаҩы иҿы даанхеит цхырааҩык иаҳасабала. 25-шықәса раҟара иара иҿы дыҟан. Нас ихала асахьа аҭыхра далагоит, раԥхьа Флоренции, нас Милан, Венециа, иԥсҭазаара аҵыхәан – Франциа. Леонардо идеиақәа асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы рсахьақәа рҿы рхы иадырхәон. Иара, – сара урҭ аԥысҵалоит. Дара урҭ хырҩылаалааит, – иҳәон. Абасала, ирацәаӡам ари асахьаҭыхҩ дуӡӡа иҭынхаз асахьақәа. Аидеиақәа рацәаны иман, ирацәоуп уи карандашьлеи меланлеи иаԥиҵаз аескиз ссирқәа. Леонардо исахьақәа убас иԥшӡоуп, урҭ амузыка еиԥш, еиҭаҳәашьа рымаӡам. (Картины Леонардо так красивы, что их так же трудно описать, как прекрасную музыку). Асахьақәа рҿы ауаа рхаҿқәа даара иҵаулоуп. Уи алашараеи агагеи даҽакала (ҿыцла) ихы иаирхәеит иперсонажцәа еиҳа иԥсабаратәны, ишыҟаҵәҟьаз иааирԥшырц азы. Исахьақәа руак «Мона Лиза» ахьӡуп. Ари аччаԥшь зҿықәу аԥҳәыс лпортреҭ ауп. Апортреҭ ари аԥҳәыск лхаҵа иаҿеиҵеит. Аха Лео - нарда уи апортреҭ убас игәаԥхеит, ихазы иаанижьырц иӡбеит. Уи Франциаҟа иманы дцеит. Ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәагьы ихигеит, Франциатәи акрал иҿы аҳҭынратә сахьаҭыхҩыс дыҟан. Уажәшьҭа ари асахьа – Парижтәи Лувр аҿы хәы аԥҵамҭа хазынақәа ируакуп. Ахудожник Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Италиатәи асахьаҭыхҩцәа Италиатәи аҿыцхәыцҩцәа Италиатәи архитекторцәа Афилософцәа 1452 шықәсазы ииз Мшаԥымза 15 рзы ииз 1519 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 2 рзы иԥсыз
3723
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A1%D0%B0%D0%BD%D0%BA%D1%82-%D0%9F%D0%B5%D1%82%D0%B5%D1%80%D0%B1%D1%83%D1%80%D0%B3
Санкт-Петербург
Санкт-Петербург () – Урыстәыла ақалақь. Ахьарԥшқәа Урыстәыла ақалақьқәа Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа СССР ақалақьқәа-фырхаҵа
3724
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D1%80%D1%8B%D0%BC%D2%AD%D0%B0%D2%AD%D0%B0%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
Аҟрымҭаҭар бызшәа
Аҟрымҭаҭар бызшәа (Къырымтатар тили, Qırımtatar tili) — Ҟрым ҭаҭарқәа бызшәа. Атиурк бызшәала ажәла имоуп. Аҟрымҭаҭар алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
3725
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%92%D0%B0%D0%BB%D0%B5%D0%BD%D1%82%D0%B8%D0%BD%D0%B0%20%D0%9C%D0%B0%D1%82%D0%B2%D0%B8%D0%B5%D0%BD%D0%BA%D0%BE
Валентина Матвиенко
Валентина Матвиенко (; 1949, Шепетивка) — Урыстәыла аҳҭны-қалақь ахада (2003—2011). Урыстәылатәи аполитикцәа Санкт-Петербург 1949 шықәсазы ииз
3727
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%88%D1%8C%D1%85%D0%B0%D1%80%D2%9F%D3%99%D1%8B%D2%AD
Ашьхарҟәыҭ
Ашьхарҟәы́ҭ () - идуам аҵыс ахьшьқәа рҭаацәарантәи. Азгəаҭақəа Аԥсаатәқәа
3731
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B0%D0%BD%D0%B0%D0%B4%D0%B0
Канада
Канада (, ) — аҳәынҭқарра Аҩадатәи Америкаҿы. Адунеи аҿы ақәӡарала аҩбатә аҭыԥ аанкылоит. Адунеизегьы идуӡӡоу аӡхықә ацәаҳәа иаманы, Атлантикатә, Аҭынч, Аҩадатәи ихҵаалоу амшындуқәала еиҿыкәыршоит. Аладаҿи аҩада-мраҭашәараҿеи Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи аҳәаақәа ирымоуп. Мрагылраҿы Канадеи Даниеи (Гренладиа), Франциеи (Сент-Пьери Микелони) аҳәаақәа ирымоуп. Ахьарԥшқәа Аҩада-Америкатәи атәылақәа Афедеративтә монархиақәа НАТО атәылақәа
3734
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B5%D1%80%D0%B8%D0%B4%D0%B0
Мерида
Сантиа́го де лос Каваие́рос де Ме́рида () — ақалақь Венесуелаҟны оуп, Лыбертадор муницыпалитеҭи Мерида штати иахтнықалақь ауп. Уи қалақь 1558 ш. ахь иҿкаан, forming part of Гранада Ҿыц, but later became part of the Captaincy General of Venezuela, and played an active role in the War of Independence. Азгәаҭақәа Венесуела ақалақьқәа
3740
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%B7%D2%B7%D0%B0
Аҷҷа
Аҷҷа́ () Ахьарԥшқәа Аԥсаатәқәа
3765
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%8B%D3%A1
Аԥсыӡ
Аԥсы́ӡ () — аӡыԥстәықәа рхыкласс, инҳоит аӡҵааҿеи аӡымҵааҿеи. Иахьатәи аԥсыӡқәа рыура 7,9 мм акнытә (Paedocypris progenetica) 13,7 м аҟынӡа (акиттәи акула) иаҟаруп. Ахьарԥшқәа
3767
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9B%D0%B0%D0%BC%D0%B0%D1%88%D1%8C%D0%B8%D0%B0
Ақамашьиа
Ақамашьи́а () Азгəаҭақəа Аԥсыӡқәа
3769
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BF%D2%9F%D0%B0%D0%B7
Апҟаз
Апҟа́з / Аԥсы́ӡпҟыӡ / Ақьаҳәырда́н () Ахьарԥшқәа Аԥсыӡқәа
3783
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%92%D0%B5%D0%BD%D0%B3%D1%80%D0%B8%D0%B0
Венгриа
Венгриа, Мадиартәыла () — Европа атәыла иауакуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа НАТО атәылақәа
3784
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9E%D0%B0%D0%B7%D0%B0%D1%85%D1%81%D2%AD%D0%B0%D0%BD
Ҟазахсҭан
Ҟазахсҭан (), аофициалтә хьӡы — Ҟазахсҭан Ареспублика () — Европатәии Азиатәии аҳәынҭқарроуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Апрезидент—Касым-Жомарт Кемел-иԥа Токаев. Азгәаҭақәа Европатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
3787
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%92%D0%B0%D1%80%D1%88%D0%B0%D0%B2%D0%B0
Варшава
Варша́ва () — Полша ахтнықалақьуп, ақалақь дуӡӡоуп. Аӡиас Висла ақалақь иагәылсуеит. Аҭоурых Административ ашара Варшава 18 гминақәа (араионқәа) имоуп. Архитектура Атранспорт Варшаватәи ауаажәларратә транспорт иҿиаауп. Ақалақь итранспорт хкы хада атрамваиоуп. Атрамваитә хҵәахақәа ирацәоуп. Варшава акы метро хҵәаха имоуп. Автобустә маршрутқәа рацәа ауп. Уба бба нас Азгәаҭақәа Алитература Ахьарԥшқәа Польша ақалақьқәа Аҳҭнықалақьқәа